Анталиа аԥшаҳәа иацәыхарамкәа 3600 шықәса раԥхьа иӡааҟәрылаз аӷба рыԥшааит

Анталиатәи Амшынбжьаратә университет археологцәа Анталиа аԥшаҳәа иацәыхарамкәа 3600 шықәса раԥхьа иӡааҟәрылаз аӷба ахәҭақәа рыԥшааит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Тоннаки бжаки абҩа мҩанызгоз ахәаахәҭратә ӷба ӡааҟәрылеит 3600 шықәса раԥхьа. Иара уажәы археологцәа ирыԥшааит Ҭырқәтәыла амшынԥшаҳәаҿы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

14-метра иҟаз аӷба адунеиаҟны раԥхьаӡа акәны ааглыхратә тауар мҩаԥнагон ҳера ҟалаанӡа 1600 шықәса раԥхьа.

Аӷба рыԥшааит Анталиатәи Амшынбжьаратә университет археологцәа. Дара ргәаанагарала аӷба Егеитәи амшын ахь ахы хан, аԥшатлакә иахҟьаны иӡааҟәрылеит.