Аԥсны ашьапылампыл азы ачемпионат аҿы "Афон" "Самырзаҟан" иаиааиит

Аклубқәа "Афони" "Самырзаҟани" реиԥылара мҩаԥысит мшаԥы 10 рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ашьапылампылтә клуб "Афон" галтәи "Самырзаҟан" иаиааиит 3:1 ҳәа. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит Аԥсны ашьапылампылтә лига адиректор Витали Федоренко.

22 –тәи аминуҭ азы "Афон" ахәмарыҩ Давид Логәуа раԥхьатәи ампыл амба иҭаиршәит. 38-тәи аминуҭ азы аҩбатәи ампылгьы амба иҭаршәын. Ампыл ҭеиршәит – Леван Логәуа.

Федоренко иажәақәа рыла ахәмарра мҩаԥысуан афонаа аԥыжәара шрымаз. 75-тәи аминуҭ азы "Самырзаҟан" ахәмарыҩ Гулливер Елиава илиршеит ампыл аҭаршәра, аха абри ашьҭахь ҩбаҟа минуҭ ааҵхьаны афонаа еиҭах ампыл ҭадыршәит.ахԥатәи ампыл авторс дамоуп Давид Логәуа.

Иахьазы галтәи "Самырзаҟан" атурниртә таблицаҿы аҵыхәтәантәи аҭыԥ ннакылоит, "Афон" – ахԥатәи аҭыԥ.