Симониан: Ассанж иахьазы иналукааша журналиступ

Британиа аполициа ддырбаандаҩит WikiLeaks ашьаҭаркҩы Џьулиан Ассанж.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 11— Sputnik. МИА "Россия сегодня", ателеканал RT редактор хада Маргарита Симониан WikiLeaks ашьаҭаркҩы Џьулиан Ассанж ирбаандаҩра ахҳәаа алҭеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Лондон иҟоу Еквадор Ацҳаражәҳәарҭа Ассанж изы аԥҟарра ҿыцқәа аԥнаҵеит

"Ассанж иахьазы иналукааша журналиступ ҳәа азысыԥхьаӡоит. Иԥеиԥшу сазхәыцыр ҳәа сшәоит. Иареи сареи аҵыхәтәантәи ҳаицәажәараан сиазҵааит:"Изуҭахузеи абри зегьы" ҳәа, аҭакгьы сиҭеит – "Саныржьо бзиа избаӡом", - ҳәа еиҭалҳәоит Симониан.

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захаровагьы Ассанж ирбаандаҩра ахҳәаа азылуит.

"Адемократиа" анапы ахақәиҭра ахәда еимларӷәӷәа иакуп", - ҳәа лыҩуеит лара Facebook аҿы.

Ассанж ирбаандаҩра

Еквадор мшаԥы 11 рзы Ассанж мап ицәнакит аполитикатә ҽыҵәахырҭа иҭаразы.

Лондон аполициа адыррақәа рыла Ассанж Вестминстертәи амагистрат аӡбарҭа 2012 шықәса рашәара 29 рзы ирырҭаз аордер ала дырбаандаҩуп.

Ажурналист деицырдыруа дҟалеит ЕАА Афганисҭан имҩаԥнагоз арратә операциақәеи Гуантанамо абахҭаҿы иҟаз аҭагылазаашьақәеи ртәы аниҩ ашьҭахь .

Ассанж 2013 шықәса рзы ателеканал RT ала ицоз апрограмма New York Festivals давторуп.