Лондон иҟоу Еквадор Ацҳаражәҳәарҭа Ассанж изы аԥҟарра ҿыцқәа аԥнаҵеит

© Sputnik / Алекс Макнотон / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖурналисты у здания посольства Эквадора в Лондоне, где с 2012 года укрывается сооснователь WikiLeaks Джулиан Ассанж.
Журналисты у здания посольства Эквадора в Лондоне, где с 2012 года укрывается сооснователь WikiLeaks Джулиан Ассанж. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи иареи реинырра, амедицинатә цхыраара иоура, иҭаара уҳәа рганахь ала аԥҟарра ҿыцқәа Ассанж изы иаԥнаҵеит Лондон иҟоу Еквадор Ацҳаражәҳәарҭа.

АҞӘА, жьҭаара 16 – Sputnik. Лондон иҟоу Еквадор Ацҳаражәҳәарҭа апортал WikiLeaks аԥҵаҩы Джулиан Ассанж изы аԥҟарра ҿыцқәа аԥнаҵеитҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ассанжи адунеии реинырра, амедицинатә цхыраара иоура, иҭаара уҳәа рганахь ала аԥҟарра ҿыцқәа азинмчра роуеит жьҭаара 13 инаркны ҳәа аҩуеит апортал Codigo Vidrio.

Уажәшьҭарнахыс Ассанж иҭаараны иҟоу ахаҿы Ацҳаражәҳәарҭа ахьӡала аелектронтә ԥошьҭала ашәҟәы неишьҭроуп. Ацҳаражәҳәарҭа уи аҭак ҟанаҵоит ма иҟанаҵом. Иара убри аан аамҭак ала иара иахь анеира азин рымоуп хҩык ауаа. Аинтернет ахархәара акәзар Ассанж Ацҳаражәҳәарҭа асоциалтә ҳа Wi-Fi амацароуп ихы иаирхәарц иҟало.

Хазы иалкаауп Ацҳаражәҳәарҭаҿ иҟазаараан иарбанызаалак аҳәамҭа аҟаҵара азин шимам. Аҳақьымцәа ракәзар иҭаар алшоит хымз рахь знык, иара убригьы иара ихарџь ала.

Ассанжи исасцәеи рхы цқьаны иныҟәыргалароуп, аҩнтәы ԥстәқәа рхала акрырҿарҵаралоуп, рыҭрақәа дрыцқьалароуп. Ус анакәымха адипломатцәа рыҳәарала урҭ аԥстәқәа рбарҭахь инагахоит. Ацҳаражәҳәарҭа мап ацәнакуеит Ассанж ифа-ижәра, имедицинатә цхыраара уҳәа рыхә ашәара. Егьырҭ ихарџьқәа (афымцалашара, аӡы, аԥхарра) рыхәԥса Ацҳаражәҳәарҭа иашәалоит.

Ассанж 2012 шықәса раахыс Лондон иҟоу Еквадор Ацҳаражәҳәарҭаҿы иҽыҵәахны дыҟоуп. Иара ара аполитикатә ҽыҵәахра даҳәеит. Уаанӡа Еквадор апрезидент Ленин Морено аҳәамҭа ҟаиҵахьан Ассанж ацҳаражәҳәарҭа аанижьыр илшоит иҭахны ианааҟала ҳәа. Еквадор Адәныҟатәи аусқәа рминистр игәаанагарала Ассанж иԥсахьынӡаҭоу Ацҳаражәҳәарҭаҿ дзаанхом, ипроблема ӡбашьак аҭатәуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0