Аԥсны "иақәкыз аракетақәа" ржәылара аԥырҟәҟәаан

Аԥсны иҟоу Урыстәыла аладатәи арратә округ рзенит-ракетатә ҟәшақәа аҳауаҽацәыхьчаратә зыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны иаалырҟьаны аракетақәа ркомплексқәа ирықәлаз ржәылара ааныркылеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 12 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа аҳауаҽацәыхьчаратә зыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны Аԥсны "иақәкыз аракетақәа" ржәылара аԥырҟәҟәааразы рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан ҳәа иҳәеит Аладатәи округ апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафьев.

Аполигонқәа "Гәдоуҭа", "Ҵабал", "Нагәалоу" рҟны. Зынӡа аҵара-ҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык аррамаҵзурауааи 60 цыра инареиҳаны арратә техникеи.

Аӷа иобиектқәа рыԥшаареи рҭархареи мҩаԥыргон аҳауаҽацәыхьчаратә комплексқәа рхархәарала. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә округ арратә база аррамаҵзурауаа ашьха-абнаратә ҭыԥқәа рҟни амшын иахьаԥну аҭыԥқәа рҿи аррамаҵзурауаа рылшарақәа еиӷьыртәуан, аимадареи анапхгараҭареи рсистемақәа еиҿыркаауан, аԥшыхәратә усқәа нарыгӡон.

Ахархәара рыҭан азенит-ракетатә системақәа С-300, азенит-ракетатә комплексқәа "Оса-АКМ", "Стрела-10", "Игла" ҳәа арбоуп адырраҭараҟны.