Associated Press: "Талибан" "ааԥынтәи ажәыларақәа" ирылагоит

Ахәашаҽны талибаа хә-бызшәак рыла аҳәамҭа ҟарҵеит Афганисҭан аҳәаанырцәтәи ар ыҟанаҵ ишеибашьло азы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 12 - Sputnik. Арадикалтә еиҿкаара "Талибан" Еиду аштатқәеи дареи Афганисҭан аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы реиҿцәажәара иахьмырԥшыкәа "ааԥынтәи ажәыларақәа" ишрылаго азы аҳәамҭа ҟанаҵеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура Associated Press адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Атеррорист актқәа мҩаԥган Афганистан

Убри аан дара инаҵшьны иазгәарҭоит Афганисҭан аҳәаанырцәтәи ар ыҟанаҵ ишеибашьло азы. Иара убасгьы аҳәамҭаҿы ааԥхьара ҟаҵоуп аҭынч уааԥсыра рҟны ацәыӡқәа рҽырцәырыхьчаларц.

ЕАА аҵыхәтәантәи аамҭазы изныкымкәа аиҿкаара "Талибан" анапхгара ирыҿцәажәахьеит аимак аҭышәныртәаларазы.

2001 шықәса раахыс Еиду аштатқәеи урҭ рыдгылаҩцәеи Афганисҭан арратә операциа мҩаԥыргоит аталибцәа ирҿагыланы.

2018 шықәса рзы Дональд Трамп иусбарҭа Аладатәи Азиаҿы рхымҩаԥгашьа астратегиа ҿыц аԥнаҵеит. Уи инақәыршәаны Америка Афганисҭан аимак аҭыԥ ақәҵара еиҳа ахы аланрхәыроуп.