Џьынџьалԥҳа "Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" азы: сыхшыҩ аус асыруит
© Sputnik
"Адиктант аҩра схы аласырхәит схы ԥысшәарц. Иара акциа шымҩаԥысуаз сҩыза исалҳәеит. Ас еиԥш ауснагӡатәқәа рҟны ухы ԥыушәарц алшара уоуеит. Акрааҵуеит адиктант смыҩижьҭеи, аҵыхәтәаны ус еиԥш алшара сыман ауниверситет аҟны. Ас еиԥш ауснагӡатә исгәаԥханы схы аласырхәит, шьыжьнаҵы ҳахшыҩ аус аҳаруит, ҳхы ԥаҳшәит, алҵшәақәа сырзыԥшуп. Адиктант аҩра зхы алазырхәыз адуцәа маҷын, аха урҭ рхыԥхьаӡара есышықәса иацлалап ҳәа сгәы иаанагоит", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Есышықәсатәи ауснагӡатә "Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" Аԥсны имҩаԥысуеижьҭеи сынтәа хәышықәса ҵуеит. Аҟәа уи рхы аладырхәит 84-ҩык. Адиктант убасгьы ирыҩуан Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.