"Ажәабжь шсаҳаз саҳәшьа лылоуп, угәы узырхьуа хҭысуп жәаҩатәи ашәышықәсаз идыргылаз Анцәа иан лныха ас ахьахьыз. Иҵабыргны, сара уа саннеи, аԥшьаҩцәа сразҵааит, ииашоума ауахәама андыргылоз, Аԥснынтәи инагаз ашыц рхы иадырхәеит ҳәа иҟоу аҳәамҭа. Легендак аҳасабала ҳажәлар иаԥырҵаз акәзар ҟалап ҳәа агәаанагара ыҟоуп, аха уи ус баша иҳәоу ак акәӡам, избанзар, ҳахәаԥшуазар, Аԥсны игылоу ауахәамақәа аныхақәа зегьы еиҳарак Анцәа иан илызку роуп, ус анакәха Анцәа иан лыхьӡала аргыларақәа рымҩаԥгаразы алшара ыҟазарцаз, Аԥсны ирылшоз зегьы рҭиизар ҟалон, ашыцгьы уахь иналаҵаны. Сара ажәлар ирҳәо садгылоуп. Нотр-Дам-де-Пари убасҟак аԥшӡареи адоуҳаи еибаркны иакуп, аԥсуаа иаҳтәу ҟәырҷахак алоуп ҳәа ансаҳа нахыс, еиҳараӡак агәыбылра скуа салагеит. Ари ажәытә ҟазара ҳаҭыр ззақәу рзы хьаа дууп, саҳәшьа исзаалҭииз авидео анызба, сгәы снархьит", - азгәеиҭеит Ашәба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.