Гиви Чамагәуа: досу излаҳалшо ала ҳаԥсадгьыл аӡбахә рҳәо иҟаҳҵароуп
© Sputnik
"Асасааирҭа "Леон" ахьӡала иааит Швеицариаҟа ааԥхьара атәы зҳәо асалам шәҟәы, аха уаҟа иарбан Қырҭтәыла иҟоу асасааирҭа ҳәа, анаҩс, аиҿцәажәарақәа рышьҭахь, ҳазгәазҭаз ақәшаҳаҭхеит Аԥсны ҳәа аӡбахә аҳәара", - азгәеиҭеит Чамагәуа арадиоефир аҿы.
"Ҳара ҳусураҿы еснагь ауаҩы гәыкԥсыкала идкылара, имҩаԥгара хықәкыс иҳаман. Уи зегьы ирҭахызар ҟалап, аха изықәҿио ҳәа дыҟоуп, ҳаргьы иҳақәҿиаз џьысшьоит. Абас ҳалкааны ҳахьазгәарҭаз, ҳәарада, ҳаигәырӷьоит, аха ҳус зыҟаҳҵо, ҳаԥсадгьыл азоуп. Досу иҳалшо ала ҳаԥсадгьыл аӡбахә рҳәо иҟаҳҵароуп", - иҳәоит Чамагәуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.