"Риҵеи" "Самырзаҟани" еиҭахарыла ихәмарит

Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат ахԥатәи аикәшара аҳәаақәа ирҭагӡаны мшаԥы 16 рзы Гал ақалақь астадион аҿы "Риҵеи" "Самырзаҟани" еиҭахарыла ихәмарит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 17– Sputnik, Бадри Есиава. Гал ақалақь астадион аҿы "Риҵеи" "Самырзаҟани" 2:2 ҳәа, еиҭахарыла ихәмарит. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа адиректор Витали Федоренко.

"Ахәмарырҭа-дәы шыҟац иаанхеит, ахаҭабзиара амам. Ампыл аанкылара уадаҩын. Актәи атаим 1:1 ҳәа ихыркәшан, аҩбатәи атаим аҿы ҩ-мпылк ҭадыршәит", - ҳәа иҳәоит Федоренко.

Ампылқәа ҭадыршәит: "Самырзаҟан" ахәмарыҩ Васили Матуа, (45-тәи 90-тәи аминуҭқәа рзы), Инар Гамисониа (40-тәи аминуҭ), Виктор Ԥимԥиа – (49-тәи аминуҭ).