Тҟәарчал араион аҿы азеиԥш диспансеризациа иахысит 1700-ҩык

Тҟәарчал араион аҿы азеиԥш диспансеризациа мҩаԥысуан мшаԥы 11 - 16 рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Тҟәарчал араион аҿы азеиԥш диспансеризациа иахысит 1700-ҩык ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Лали Гаргәылиа.

"Ауааԥсыра рыдыркылон: аневрологцәа, акардиологцәа, аурологцәа, аофтальмологцәа, аотоларингологцәа, ахирургцәа, агинекологцәа. Имҩаԥыргон УЗИ агәаҭарақәа, амаммографиа, афлиуорографиа, алабораториатә диагностика", - ҳәа лҳәоит лара.

Адиспансеризациа иалҵшәаны ԥшьҩык ауаа арыԥҳачымазара рыдырбалеит, хәҩык акьыбачымазара шрымаз ааԥшит. Иара убасгьы агинекологиатә ҟазшьа змоу ачымазарақәа аарԥшын.

"Мшаԥы 11 -16 ирылагӡаны ФМБА амедицинатә отриад Аԥсны, Тҟәарчал араион аҿы адиспансеризациа мҩаԥнагоит. Иахьатәи аамҭазы 1700-ҩык ауаа адиспансеризациа иахыжьуп. Урҭ рҟынтәи 390-ҩык хәыҷқәоуп.", - ҳәа еиҭалҳәоит Гаргулия.

Делԥҳа еиҭалҳәеит Гал ихыркәшахаз адиспансеризациа алҵшәақәа ртәы

Еиуеиԥшым ачымазарақәа зыдбалаз, атехнологиа ҳарак иақәшәо ацхыраара зҭахны иҟоу Урыстәыла ФМБА ахәышәтәырҭақәа рахь инашьҭхоит ма ареспублика ацентртә медицинатә усҳәарҭақәа рахь.