Урыстәылатәи аруаа "аӷа" ижәылара аԥдырҟәҟәааит

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа "аӷа" идронқәа апулемет НСВ "Утес" ала икарыжьит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә база арратә полициа рыҟәша аԥырҩы дызмам аԥрыгақәа ржәылара аԥдырҟәҟәааит зкалибер дуу апулемиотқәа НСВ "Утес" рыла ҳәа ааицҳауеит Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә база апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафьев.

Урыстәылатәи аруаа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аполигон "Ҵабал" аҿы аррамаҵзурауаа 40 рҟынӡа "аӷа" ихықәкқәа ҭадырхеит. Ааигәахара иаҿыз ахархәагақәа ҭарыԥшыхәуан арадиолокациатә станциа (РЛС) "Гармонь", ахархәарала.

Апулеметқәа НСВ "Утес" аршьаҟауаа, акәылӡылас ала ихҩоу ахықәкқәа рнырҵәаразы иаԥҵоуп. Дара аокруг ахь ироуит мшаԥымза алагамҭаз.

Аладатәи арратә округ ркомандаҟаҵаҩ, аинрал-полковник Александр Дворников ишиҳәаз ала арратә полициа еиқәыршәоуп "Утес" рыла аԥырҩы дызмам аԥрыгақәа ржәылара раԥырҟәҟәааразы.