Гәымсҭа ақыҭан еилкаам хҩык ахаҵа дахьырӷьычыз инамаданы аусҭҵаара хацыркуп

Ари ацәгьоура инамаданы Аҟәа араион апрокурор иқәҵарала, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра алархәны иаԥҵоуп аусҭҵааратә гәыԥ.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Мшаԥы 17 рзы, Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан идырым хҩык ауаа ахаҵа дырӷьычит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада асаит.

Очамчыра Ҭырқәтәыла атәылауаҩ дырӷьычит

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, мшаԥы 17 асааҭ 22:40 рзы, 1979 шықәса рзы ииз Мерцхәлаа Омар Даҭикәа-иԥа ихатәы машьына Mercedes-Benz Sprinter ала апассаџьыр диманы Гәымсҭа ақыҭа Ешыратәи амҩала дымҩасуан. Амашьына ааныркылеит автомашьына шкәакәа иҭыҵыз, акомуфлиаж форма зшәыз, асабрадақәа зҿаз, бџьарла еибыҭаз хҩык ахацәа. Урҭ Мерцхәлаа имашьына дҭыганы дыргеит.

Аамҭақәак рышьҭахь Mercedes-Benz Sprinter Гәымсҭа ақыҭаҿ ирбеит.

Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит. Ахҭыс аҭагылазаашьақәа макьаназы идырзом, рыҭҵаара иаҿуп.