Тҟәарчали Гәылрыԥшьи араионқәа рҿы абџьар ҵәах рбеит

Тҟәарчали Гәылрыԥшьи араионқәа рҿы иаарԥшыз абџьар ҵәах ареспублика АҶА ахь ирыҭоуп.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аррамаҵзурауааи аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа анеицымҩаԥыргоз Тҟәарчали Гәылрыԥшьи араионқәа рҿы абџьар ҵәах рбеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура асаит.

Иазгәаҭоуп ишыԥшааз: аракета НУРС, НУРС агәыцә ахәҭақәа, аҵыхәахәҭа, атанкԥжәага мина ТМ-52, агранатаршәга РПГ (ПГ-7Л), агранатаршәга РПГ (ПГ-7М).

Тҟәарчали Гәылрыԥшьи араионқәа рҿы иаарԥшыз абџьар ҵәах ареспублика АҶА ахь ирыҭоуп.