Аԥсныи Шьамтәылеи Аиҳабырабжьаратә комиссиа аԥырҵоит

Аԥсныи Шьамтәылеи аекономика аминистрцәа еиԥылеит Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи Ҟрым имҩаԥысуеит мшаԥы 18-20 рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 19 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Аԥсныи Шьамтәылеи рделегациақәа аиҳабырабжьаратә комиссиа аԥҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит. Уи шьаҭас иаиуит арҭ аҩтәылак 2018 шықәсазы рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭрақәа. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

"Ҳара ҳалацәажәеит акомиссиа аилазаара. Иаарласны аофициалтә шәҟәқәа еимаҳдоит, урҭ акомиссиа шьаҭас иаиуеит", – иҳәеит аминистр.

Арӡынба иажәақәа рыла, аҩганк рхаҭарнакцәа ҳтәылақәа рыбжьара баџьдатәи ахәаахәҭразы аиқәшаҳаҭра аҷыдарақәа ирылацәажәеит.

"Ҵыԥх Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит, уи иабзоураны баџьдатәи ахәаахәҭарзы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра алыршахеит. Иахьа ҳалацәажәеит уи аиқәшаҳаҭра хазырҭәаауа ауснагӡатәқәа ртәы. Ҳара ҳхәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа мҽхакы ҭбаала аус еицыруеит уи аганахьала", - иҳәоит иара.

Арӡынба: Аԥсны азыхиоуп Ҟрымҟа абӷанҷ анашьҭра аизырҳара

Аминистрцәа иара убас иалацәажәеит Ҟрыми Шьамтәылеи рыбжьара аӷба адәықәҵара азҵаара.

"Ҳара ҳалацәажәеит уи амаршрут Аԥсныҟагьы амҩа алаҵазарц, иара абзоурала ҳара ҳнаплакыҩцәа Шьамтәылаҟеи уантәии ртауарқәа рнагаагара рылшо иҟалоит", – азгәеиҭеит Арӡынба.

Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум есышықәса аекономика аусхк аҟны имҩаԥысуа уусмҩаԥгатәуп. 2019 шықәсазы уи Ҟрым имҩаԥысуеит мшаԥы 18 - 20 рзы. Иалахәхараны иҟоуп адунеи атәылақәа 100 рҟынтәи 3000-ҩык алахәылацәа.