Арадио

Хьециаԥҳа: ҳхәыҷқәа ҳбызшәа аныдҳмырҵа, анарха шамоуа еилаҳкаароуп

Мшаԥымза 11-12 рзы Ҟарачы-Черкесиа ақалақь Карачаевск имҩаԥган есышықәсатәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Клычевтәи аԥхьарақәа - 2019". Аконференциа азырхоуп ареспубликаҿы иқәынхо ажәларқәа рбызшәа апроблематика. Иара иалахәын Аԥснынтәи аҵарауаа. Убарҭ дыруаӡәкуп Аԥсуаҭҵааратә институт абызшәа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы, ААУ англыз бызшәа арҵаҩы Наала Хьециаԥҳа.
Sputnik
Хьециаԥҳа: ҳхәыҷқәа ҳбызшәа аныдҳмырҵа, анарха шамоуа еилаҳкаароуп

"Ҟарачы-Черкесиа сцан санаа аахыс, сара сзызхәыцуа, ҳҭагылазаашьа ахьынӡа еиӷьу ауп, дара рҭагылазаашьа аасҭа. Уа иқәынхо ажәлар "зыӷба уҭоу иашәа ҳәа" ззырҳәо иҭагылоуп. Ҳара ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп, ҳзакәанқәа ҳхала иаԥаҳҵоит. Ҳхарџьқәа зны-зынла иахьақәнагоу ианаҳмышьҭуа ыҟоуп, имӡакәа иаҳҳәап, абызшәа аҿиаразы иахьа иаҭаху ахарџьқәа ыҟам. Убри аҳәынҭқарра аҟынӡа инагатәуп, ҳбызшәа аныҟамла ҳҳәынҭқаррагьы шыҟамло. Уи адагьы, ажәлар рыхдырра рыԥсахроуп, доусы еилаҳкаароуп, ҳхәыҷқәа ҳбызшәа аныдҳмырҵа, анарха шамоуа", - лҳәеит Наала Хьециаԥҳа.

Адунеи аҿы иҟоуп иаҳа ахархәара змоу абызшәақәа, аҭаацәагьы уи иазхәыцуеит, аха еилкаатәуп, збызшәа зҭахым ажәлар даҽаӡәгьы ишиҭахымхо, азгәалҭеит Хьециаԥҳа.

Ҟарачы-Черкесиа есышықәса имҩаԥысуа "Клычевтәи аԥхьарақәа - 2019" захьӡу аконференциа иалахәын Аԥсуаҭҵааратә институти Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети рҟынтәи аделегациа: Ҭаниаԥҳа Ева, Ҳагԥҳа Лили, Анқәаб Ахра, Багаҭелиаԥҳа Агнесса, Хьециаԥҳа Наала, Ҭаниаԥҳа Расидац, Гыцба Инал. Дара ражәахәқәа рыҟны аԥсуа-абаза жәлар ракзаара ҩаԥхьа ишьақәзырӷәӷәо аҭҵаамҭақәа ирзааҭгылеит, рыиашьаратә еимадарақәа рырҭбаара амҩақәеи рбызшәақәа реиқәырхареи рырҿиареи азы иҟаҵатәу ауснагӡатәқәеи ирылацәажәеит.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.