Гагра НКВД иатәыз ахыбреи аҵакырадгьыли арыцқьара иаҿуп

37-тәи ашықәсқәа раан Гагра Абааҭатәи абахҭа ҳәа изышьҭаз НКВД иатәыз ахыбреи аҵакырадгьыли арыцқьара иаҿуп, анаҩс ари аҭыԥ амузеи алхразы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik, Саида Жьиԥҳа. 37-тәи ашықәсқәа раан Сталини Бериеи рполитика хәашь иахырҟьаны НКВД анапаҿы иҟаз Гагра ақалақь Абааҭатәи абахҭа ҳәа изышьҭаз аҟны идырҳәацәоз, анаҩс харада ахара зыдҵаны идырӡуаз, акьырҭрақәа иҭарблыз, иршьыз ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа ргәалашәара анаунагӡатәразы ари аҭыԥ амузеи алххоит. Иахьазы 80 шықәса инарзынаԥшуа ауаҩы инапы зкьымсыцыз ахыбреи аҵакырадгьыли арыцқьара иаҿуп.

Гагра НКВД иатәыз ахыбреи аҵакырадгьыли арыцқьара иаҿуп

Аспециалистцәа имҩаԥыргахьоу аҭҵаарақәа иаадырԥшхьеит акурорт Гагра ашьаҭаркҩы апринц Ольденбургтәи имазара иахәҭакыз ахыбра аиҭашьақәыргылара шаԥсам. Аха аобиект иааизакны аихатәы еибаркыра ачаԥареи, аихац змоу аԥенџьырқәа аҭаны, асаркьа аҭасареи, ахыб акыц ақәҵареи алшоит. Абааҭатәи абахҭа аҵакырадгьыл 35 шәкырак аанда акәыршаны, хаҳәла ичаԥаны, аамҭала ишбахҭаз еилукааратәы хыхьла амӷтә цәаҳәа алашьҭреи ргәы иҭоуп. Абри зегьы арбоуп аиҭашьақәыргалараан изықәныҟәо архитектор Игорь Смыр ипроект аҟны.

2012 шықәсазы, Абааҭатәи абахҭа ахьчареи амузеи алхреи рзы иаԥҵан акомиссиа ҷыда. Уи иалахәу Гагра араион абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы, Аԥсны Афырхаҵа Рудольф Алшәындба ҷыдала араҟа имҩаԥысуа аусурақәа хылаԥшра риҭоит.

Гагра НКВД иатәыз ахыбреи аҵакырадгьыли арыцқьара иаҿуп

"Ишыжәбо еиԥш, иахьазы ахыбра ахыжәжәарақәа роуп иаанхаз, аха ҳара уи кьыс амҭакәа, иавҵиааз аҵлақәеи, амыӷқәеи рҟнытә ирыцқьаны, агәамсам ықәганы, аҵакырадгьыл аиҿкаара ҳалагеит. Ҳҭоурых зҳәо аҭыԥ уажәраанӡагьы амузеи алхзар акәын, аха акыр аамҭа ҳацәцазаргьы, ҳазлагаз аҵыхәанӡа инаҳагӡоит", - иҳәоит Рудольф Алшәындба.

Абааҭатәи абахҭа амузеи алхра уахи-ҽни згәы иҵхо, ҵыԥх 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡыз ргәалашәара аҳаҭыр азы "Абааҭатәи аццышәқәа" ҳәа хыс измоу ашәҟәы ҭзыжьыз апоетесса Белла Барцыцԥҳа лакәзаргьы, лфырхацәа ахьҭанҵәаз аҭыӡқәа агәалашәаратә обиект ахь ишиасуа лбарц азы лассы-лассы ари аҭыԥ даҭаауеит.

Гагра НКВД иатәыз ахыбреи аҵакырадгьыли арыцқьара иаҿуп

"Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ҳгәалаҳаршәарц жьҭаарамзазы арахь ҳанааилоз, аиаша шәасҳәап, ахаҳәгәалқәеи, амаӷқәеи ҳрылагыланы ауп амитингқәа шымҩаԥаагалоз. Уажәшьҭа, анцәа имчала, ахыбреи, аҵакырадгьыли акы иеиԥшхо иалагеит. Иҭабуп ҳәа иасҳәоит хамеигӡарала, аибашьра аинвалид Рудольф Алшәындба, изшьапык шимамгьы, аус хьанҭа дахьадгылоу, ари зегьы ирылшаӡом", - ҳәа азгәалҭоит апоетесса.

Рудольф Алшәындба иаҳзеиҭеиҳәеит, ашәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа" данаԥхьа ашьҭахь, иҭҟәаны иргаз рахь игәаҵаҿы еиҳагьы арыцҳашьареи агәыхьи шцәырҵыз. Белла Барцыц илырцәажәаз, ҳабдуцәа ршьа зхьыршу аҭӡамцқәа рахь ихо иалагеит.

Барцыцԥҳа: сышәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа" азы 40 шықәса аматериал еизызгон

Убри ауп, инапаҿы аԥара шыҟамызгьы, уалла иганы, иеиҭамҵуаз аус ахы шаиркыз.

"Шықәсқәак раԥхьа амарафон мҩаԥганы 250 нызқь еизаҳгахьан, амузеи аԥҵаразы. Аха, Гагра-Банк ауадаҩрақәа аназцәырҵ, аԥара ҳзамымхит. Анаҩс ҳауадаҩрақәа еилкааны атәыла анапхгара ҳацхрааит. Убас Абааҭатәи абахҭа азааигәара аԥсшьарҭа ҭыԥ зыргылаз аԥшәма Валери Папба 300 нызқь ҳаиҭеит, еиҭа 100 нызқь ҳазыԥшуп иара иҟнытә", - инаҵишьит Рудольф Алшәындба.

"Сыԥсы ҭоуп, хар сымам": салам шәҟәык аҭоурых>>

Амузеи шьаҭанкыла аиҿкааразы арҭ аԥарақәа, хымԥада, иазхом, убри инамаданы, акомиссиа алахәцәа аҳәара ҟарҵоит абизнесуааи, анаплакыҩцәеи рахь, 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡаз ргәалашәара ахьӡала иаԥшьыргаз аус адгылара арҭарц.