Аҽазыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны арратә авиациа Аԥсныҟа иаашьҭуп

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруааи Аԥсны атәылахьчара аминистрра аруааи еидҵоу ар ргәыԥ разыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны акоманда-штабтә ҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 22 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруааи Аԥсны атәылахьчара аминистрр аруааи еидҵоу ар ргәыԥ разыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны акоманда-штабтә ҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи Аԥсныҟа ииагоуп аибашьыга вертолиотқәа Ка-52 "Аллигатори" Ми-8АМТШ "Терминатори" ҳәа ааицҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафиев.

Урыстәылеи Аԥсныи рыруаа аҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргеит

Ишазыԥхьагәаҭоу ала, аҽазыҟаҵарақәа раан арратә авиациа аҳауатә ԥшыхәра мҩаԥыргоит, "аӷа" адгьыл аҟынтәи иқәкны аракетатә жәыларақәа мҩаԥыргоит.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруааи Аԥсны атәылахьчара аминистрр аруааи еидҵоу ар ргәыԥ иаланы ҳаамҭазтәи азеиԥш ар реибашьра адҵақәа аус рыдырулоит. Иазгәаҭоуп раԥхьаӡа акәны аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥысраан аидгыла аррамаҵзурауаа "еиҿагыло" агәыԥқәа ҳәа иеихыршеит ҳәа. Урҭ мчыбжьык аҩнуҵҟа ашьхареи абнареи ҭыԥқәа рҿы "еибашьлоит".

Зынӡа акомандаҟаҵара-штабтә ҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп х-нызқьҩык инареиҳаны аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 400 инарзынаԥшуа арратә техника, авертолиотқәа Ми-8АМТШ "Терминатор", амшынаҵатә ӷба "Поворино" уҳәа абрахь иналаҵаны.