Аԥсны анефт аҵхра азҵаарақәа рзы апарламенттә комиссиа аусура иацҵоуп

Аԥсны иахьаҵанакуа арацәаӡритә аӡа аҵхра азҵаарақәа рзы Апарламент аҿы акомиссиа аԥҵан хәажәкыра 20, 2019 шықәсазы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны анефт аҵхра азҵаарақәа рзы апарламенттә комиссиа аусура даҽа мызкы ҳәа иацҵоуп, абри атәы еиҭеиҳәеит Жәлар Реизара адепутат Асҭамыр Ҭарба ашәахьа, мшаԥы 22 рзы.

"Акомиссиа аусура аҿҳәарақәа ирыцаҳҵар акәхеит, избанзар ари аус знапы иану аусбарҭақәа рахь инаҳашьҭқәаз азыҳәақәа рҭак ҳмоуӡацт. Макьана иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу еилыкка иҳаздырӡом", - иҳәеит Ҭарба.

Аԥсны иахьаҵанакуа арацәаӡритә аӡа аҵхра азҵаарақәа рзы акомиссиа аԥҵан Апарламент аҿы хәажәкыра 20, 2019 шықәсазы.

Кәарҷиа: анефт иаахтны излацәажәатәу зҵаароуп

Уи иалалеит Жәлар Реизара адепутатцәа 12-ҩык, хантәаҩыс дарҭеит уи азҵаара зусхәаԥштә иалоу Апарламент аилак анапхгаҩы адепутат Асҭамыр Ҭарба.

Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла, ари акомиссиа аусура хнаркәшар акәын уи азы ақәҵара анрыдыркыла амш инаркны мызкы иҭагӡаны.

Аԥсны аиҳабыра лаҵарамза 2014 шықәсазы аилахәыра "АԥсныОил" Очамчыреи, Тҟәарчали, Гали рраионқәеи Аԥсны Амшын еиқәа аԥшаҳәа мрагыларатәи ахәҭаҟни арацәаӡриқәа ргеологиатә ҭҵаареи, рыԥшаареи, рыҵхреи рзы азин арҭеит. 2018 шықәса хәажәкырамзазы "АԥсныОил" ари аиқәшаҳаҭра аусура иацырҵеит, избанзар уа иарбаз аҿҳәарақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭаны ирымаз ауснагӡатәқәа ирхьымӡаӡеит.