Аԥсны имҩаԥысит ашахматтә турнир "Амшен"

Аԥсны инхо аерманцәа реилазаареи ареспублика Ашахматтә федерациеи есышықәса еицымҩаԥырго ашахматтә турнир рҽаладырхәит шәҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәеи адуқәеи.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Ашахматтә турнир "Амшен" мҩаԥысит мшаԥы 20-21 рзы. Уи шхыркәшахаз атәы Аԥсны Ашахматтә федерациа ахада Константин Ҭыжәба Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит:

"Аԥсны инхо аерманцәа реилазаареи ареспублика ашахматтә Федерациеи есышықәса еицымҩаԥырго ашахматтә турнир рҽаладырхәит шәҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәеи адуқәеи. Актәи аҭыԥ ааныркылеит Роланд Бигәаа (Аҟәа), аҩбатәи – Даниель Гаспариан (Гагра), ахԥатәи - Ҭемыр Лакербаиа (Гәдоуҭа)", – иҳәеит Ҭыжәба.

Аԥсны Ашахматтә федерациа ахада Константин Ҭыжәба иазгәеиҭеит атурнир "Амшен" мҩаԥысуеижьҭеи 10 шықәса шҵуа. Есышықәсагьы иалахәу рхыԥхьаӡара ишацло. Иаҳҳәозар, ҵыԥх уи 80-ҩык инарзынаԥшуа рхы ԥыршәазҭгьы, сынтәа 100-ҩык инареиҳаны иалахәын.

Атурнир аатит мшаԥы 20 рзы.