Арадио

Мамедоӷлы Очамчыра имҩаԥгахо аицлабрақәа рзы: уа инхо рзы иҿырԥшыгахар ҳҭахуп

Аклуб "Аԥсны аспорт" алахәыла Асҭамыр Мамедоӷлы арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит лаҵарамзазы Очамчыра иеиҿкаахо аицлабрақәа ртәы.
Sputnik

Лаҵара 11 рзы дуатлон азы аицлабра мҩаԥысраны иҟоуп Очамчыра.

Мамедоӷлы Очамчыра имҩаԥгахо аицлабрақәа рзы: уа инхо рзы иҿырԥшыгахар ҳҭахуп

"Дуатлон - уи ҩхкык рыла ишьақәгылоу аицлабрақәа роуп. Аԥхьа уҩроуп, анаҩс амаланыҟәала аицлабра, уи ашьҭахь даҽазнык аҩра. Аԥхьа хә-километрак аҩра, маланыҟәала ҩажәа километра, уи анаҩс ҩ-километраки бжаки аҩра аҵанакуеит аицлабра. Уи адагьы имҩаԥысуеит аҩразы аицлабрақәа, маланыҟәалагьы аиндаҭларақәа, еиуеиԥшым ақәрақәа ирыҵаркуа рзы. Иҳамоуп хәышәҩык рҭыԥ, амедалқәагьы убасҟак. Ааԥхьара раҳҭоит ашәҟәы зҽанызымҵац, аҭыԥқәа маҷны иаанхеит.

Аҟәа ашьыжь ма ахәылбыҽха аҟәараҟны унеир, аӡәы дыҩуеит, ҽаӡәы маланыҟәала иҽазыҟаиҵоит. Очамчыра ақалақь аҟны сынтәа аицлабрақәа рымҩаԥгара заҳҭаххаз, уа иаланхо рзы ҿырԥшыгас иҟаларц азы ауп", - иҳәеит Мамедоӷлы.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.