Арадио

Ԥлиаԥҳа Украинатәи алхрақәа рзы: аҿагыларатә бжьыҭара мҩаԥысит

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аполитологиеи асоциологиеи ркафедра адоцент Далила Ԥлиаԥҳа арадио Sputnik аҟны Украина имҩаԥгаз аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа ахәшьара рылҭеит.
Sputnik
Ԥлиаԥҳа Украинатәи алхрақәа рзы: аҿагыларатә бжьыҭара мҩаԥысит

"Украина алхрақәа рҟны Зеленски иакәӡамызт аус злоу. Порошенко иҩызцәеи иареи русура, аибашьра рҟынтәи ауаа ааԥсеит. Украина имҩаԥысыз алхрақәа хара угыланы унарыхәаԥшыр, аҿагыларатә бжьыҭара ҳәа уҳәар ауеит. Иалырхыз мыцхәы дырҭахны акәӡам дзалырхыз, егьи мыцхәы дырцәымӷын азы ауп. Иҟаиҵоз ажәлари аҳәынҭқарреи ирԥырхаган", - лҳәеит Ԥлиаԥҳа.

Аполитолог лгәаанагарала, Украина ахада ҿыц, егьа иҭаххаргьы, Урыстәылеи иҳәынҭқарреи реизааигәахара Америкатәи аштатқәа илдыршаӡом.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.