Урыстәылеи Аԥсныи рыруаа аҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргеит

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруааи Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруааи еидҵоу ар ргәыԥ рҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны акоманда-штабтә ҵара-ҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 22 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруааи Аԥсны атәылахьчара аминистрра аруааи еидҵоу ар ргәыԥ разыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны акоманда-штабтә ҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит ҳәа ааицҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафиев.

Урыстәылатәи аруаа Аԥсны ашьхарақәа рҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Иазгәаҭоуп раԥхьаӡа акәны аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥысраан аидгыла аррамаҵзурауаа "еиҿагыло" агәыԥқәа ҳәа ишеихыршаз. Урҭ мчыбжьык аҩнуҵҟа ашьхареи абнареи ҭыԥқәа рҿы "еибашьлоит".

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит авиациеи Амшынеиқәатә флот аӷбақәеи алархәны.

Зынӡа акомандаҟаҵара-штабтә ҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп х-нызқьҩык инареиҳаны аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 400 инарзынаԥшуа арратә техника, авертолиотқәа Ми-8АМТШ "Терминатор" амшынаҵатә ӷба "Поворино" уҳәа абрахь иналаҵаны.