Алмас Џьапуа атәыла ахадас икандидатура ықәиргылоит

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәы 21 2019 шықәса рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны апарламент адепутат Алмас Џьапуа атәыла ахадас икандидатура ықәиргылоит. Абри атәы иара Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит мшаԥы 24 рзы.

"Мшаԥы 5 рзы имҩаԥысит аиҿкаара "Азеиԥш ус" инарҭбаау аилатәара. Иалацәажәон атәыла ахадас зкандидатура ықәҳаргыло ма адгылара заҳҭо ртәы. Аиҿкаараҿ ирыӡбит заанаҵтәи аилацәажәарада маӡалатәи абжьыҭирала акандидатура алкаара. Маӡалатәи абжьыҭира иалҵшәаны бжьеиҳала сыӡбахә ҳәан", - ҳәа еиҭеиҳәоит Џьапуа.

Иара иажәақәа рыла иаразнакы аӡбра изидымкылеит. Иҩызцәа дрыҳәеит идыргало аус дазхәыцырц аамҭа ирҭарц. Иҭаацәа, иуацәа дрыҿцәажәеит, иабжьыргоз дазхәыцит. Аӡбра идикылеит мшаԥы 23 рзы.

Алмас Џьапуа диит ԥхынгәы 4 1979 шықәса рзы. Аҵара иҵон Ростовтәи аҳәынҭқарратә економикатә университет, амилаҭтәи адунеитәи економика афакультет аҿы. 2014 шықәса раахыс Аԥсны Жәлар реизара адепутатс дыҟоуп. Дҭаацәароуп. Хҩык ахшара драбуп.

Асҭамыр Ҭарба Аԥсны ахадас аҟалараз алхрақәа дышрылахәхо атәы иҳәеит

Аԥсны ахадак иҳасаб ала схы ықәсыргылоит ҳәа 2019 шықәса, хәажәкыра 29 рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит Асҭамыр Ҭарба.