Савели Ҷыҭанаа: Аԥсны ашыц еиҭаҿио иалагеит

Мшаԥы 24 рзы Аминистрцәа реилазаараҿ аилацәажәара мҩаԥысит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иҩаз ашыц аҿа аҵиаара иаҿуп иҳәеит Аԥсны аекологиеи аԥсабареи рыхьчараз аилак ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа мшаԥы 24 рзы Аминистрцәа реилазаараҿ имҩаԥысуаз аилацәажәараҿ.

"Ари иаанаго ашыц ықәӡааит ҳәа аҳәара шҵаҵӷәыдоу ауп", - иҳәеит иара.

Бзыԥтәи аиҩхааҿы ашыц еиқәхеит

Амцаԥшь хәаҷа иқәнагаз ашыц ԥсабарала аизҳара иалагеит ҳәа азиԥхьаӡоит аеколог. Уи адагьы иара иажәақәа рыла уаанӡатәи ашықәсқәа ирыҿурԥшуазар амцаԥшь хәаҷа ахыԥхьаӡара акыр имаҷхеит.

"Уи ус шакәу ҵыԥхгьы иаабахьан. Ҵыԥх ԥшьынтә ахәыәшәтратә усурақәа мҩаԥаагеит. Уаанӡатәи ашықәсқәа раан 6-7 ахәышәәтрақәа мҩаԥаагон", - иҳәеит Ҷыҭанаа.

Аԥыза-министр Валери Бганбагьы иазгәеиҭеит Пицундатәи аҳәырԥсарраҿы ашыц аар ишалагаз.

"Ахылаԥшра ду аҭахуп. Аекологиатә прокуратурахь аҳәара ҟасҵоит ашыц аҽеибаркра ахылаԥшра арҭарц. Аҳәырԥсарра ҷыдала азнеишьа аҭахны иҟоуп", - ҳәа иҳәеит Бганба.

Амцаԥшь хәаҷа Аԥсныҟа иқәнагалеит 2012 шықәса рзы, Шәачатәи аолимпиада ашьҭахь. Усҟан Италиантәи иаагаз аиҭаҳатәқәа ирылакны арахь иаанагеит.