Урыстәылеи Аԥсни рыруаа "аӷа" дыршьаҟьеит

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруааи Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруааи еидҵоу ар ргәыԥ рҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны акоманда-штабтә ҵара-ҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik. Хнызқьҩык инарзынаԥшуа Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруааи Аԥсны атәылахьчара аминистрра аруааи еидҵоу ар ргәыԥ разыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны акоманда-штабтә ҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит ҳәа ааицҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафиев.

Ахархәара рыҭан авертолиотқәа Ка-52 "Аллигатор" , аракетақәа "Вихрь"; "Атака". Аҽазыҟаҵарақәа рысценари инақәыршәан "аӷа" имотошьаҟатә ҟәшақәа ашьхара иаҵанакуа аполигон "Ҵабал" ажәылара мҩаԥнагон.

Урыстәылатәи аруаа "аӷа" ижәылара аԥдырҟәҟәааит

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруааи Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруааи аԥшыхәрақәа мҩаԥыргеит аԥырыҩ дызҭамаԥрыгақәеи, аԥшыхәратә комплексқәеи, аимадара анапхгара КРУС "Стрелеци" алархәны.

Абомба кажьгақәа Су-34, Су-24, Краснодартәи атәылаҿацә аҿы игылоу, аҳаракыраҟынтәи абомбақәа рықәрыжьуан кәылӡыла ихҩаз "аӷа" итехника, аполигон "Ҵабал" иҟоу адгьылаҵатәи икомандаҟаҵаратә ҭыԥқәа.

Уаанӡа авертолиотчикцәа аџьаԥҳаны анеира ахьыцәгьоу ашьхаратә ҭыԥқәа рахь инаргахьан. Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын Амшынеиқәатә флот аӷбақәа, арратә авиациа.

Зынӡа акомандаҟаҵара-штабтә ҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп х-нызқьҩык инареиҳаны аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 400 инарзынаԥшуа арратә техника, авертолиотқәа Ми-8АМТШ "Терминатор" амшынаҵатә ӷба "Поворино" уҳәа абрахь иналаҵаны.