Зых иақәиҭу ақәԥараз Европа ачемпионат аԥснытәи аспортсмен далахәхоит

Иркутск ақалақь, аспорттә комплекс "Байкал-Арена" аҿы, 2002-2004 шықәсқәа рзы ииз арҧарцәа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәҧаразы Урыстәыла Аҧхьахәгара мҩаԥысит мшаԥы 23-25 рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи ақәԥаҩ Даниил Харчлаа зых иақәиҭу ақәԥаразы Европа ачемпионат далахәхоит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аспортсмен иазыҟаҵаҩ Размик Алабиан.

"Зхы иақәиҭу аиқәҧаразы Урыстәыла Аҧхьахәгара алкааратә турнирын. Уи аихшьаалақәа рыла, Европеи адунеи раҧхьахәқәа рахь Урыстәыла еизгоу акоманда аилазаара шьақәыргылахон. Даниил аразны медал шиоуз ала зых иақәиҭу ақәԥаразы Европа ачемпионат далахәхоит. Европа Аҧхьахәгара мҩаҧгахоит Италиа, рашәарамза 17-23 рзы", - ҳәа еиҭеиҳәоит Алабиан.

Зхы иақәиҭу аиқәҧаразы Урыстәыла Аҧхьахәгара иалахәын 450-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа. Даниил Харчлаа Калининградтәи аобласт ахьӡала дықәгылон.

Даниил Харчлаа Калининград аҵара дҭоуп, аолимпиатә резерв иатәу аспорттә школ аҿоуп иҽахьазыҟаиҵогьы. Иазыҟаҵаҩ - Виктор Ходжаев.

Зых иақәиҭу ақәԥараз Европа ачемпионат аԥснытәи аспортсмен далахәхоит

Аҧхьахәгара иалахәын фҩык аҧснытәи аспортсменцәа: 60 кьыла иҟоу рҟынӡа акапантә категориа иаҵанакуа Даниил Харчлаа, Ричи Сыҷынаа, Даниел Гәымба, 65 кьала иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа – Мураҭ Кокосқьериа, 71 кьыла акапантә категориа иаҵанакуа – Богдан Багаҭелиа, 80 кьыла акапантә категориа иаҵанакуа – Денис Қәаранӡиа.