Автопарк аиҵатәрала Аминистрцәа Реилазаара аппарат аекономиа ҟанаҵеит

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Аппарат анапхгаҩы аппарат 2018 шықәсазтәи аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аиҳабыра раппарат аҿы автотранспорт ахыԥхьаӡара иагырхатәуп иҳәеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа, аппарат 2018 шықәсазтәи аусуразы аҳасабырба ҟаҵо.

"Ари иалнаршеит аҳәынҭқарратә мал аекономиа азура. Аекономиа иартәеит 38,9% (миллионки 99 нызқь мааҭ). Автомашьынақәа рремонти рхархәареи рыхәԥса ҳаракын. Дара аиҳабыра рықәҵарақәа инарықәыршәаны иҭиин", - иҳәеит иара.

Сангәлиа иазгәеиҭеит 2017–2019шықәсқәа рзы абылтәы-хьшьтәы материалқәагьы 17,9% рыла ишырмаҷыз.