Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Ақьырсиантә ныҳәа хадақәа иреиуоу Амшаԥы аҽны, аԥсуаа рҟны, жәытәла ишаԥыз еиԥш, иақәнагоу зегьы адгаланы, иаԥылон. Аха Асовет Еидгыла аамҭақәак рзы, еиҳараӡак Сталин данахагылаз, уи ӷәӷәала иақәымчуан. Аҭаацәарақәа ирышьклаԥшуан, иаҳҳәап, апартиа иалақәаз рахьтә аӡәыр маӡала аныҳәа азгәеиҭар, иалырцон, апартбилеҭқәа рымырхуан, аусурҭа ҭыԥқәа рзымԥшаауа аҟынӡа инарцон.
"Саныхәыҷыз аахижьҭеи ибзианы исгәалашәоит, аԥсуаа еиҳараӡак Ажьырныҳәеи Амшаԥи акы иаламҩашьо ишазгәарҭоз. Сталин ихаан дарбанызаалак иара ишиҭаху еиԥш аныҳәа даԥыломызт, азин имамызт. Зехьынџьара акылԥшыҩцәа рацәаҩын, аӡәы аныҳәа азгәеиҭеит ҳәа раҳар, иаразнак аиҳабыраҟны ацәгьа рҳәон. Аԥшәма дҭаркуамызт, аха ауадаҩрақәа иоуратәы иҟарҵон", - еиҭеиҳәоит Владимир Жьиба.
Усҟантәи аамҭазы, ҩнаҭацыԥхьаӡа агәаҭарақәа рымҩаԥгара мариамызт. Убри аҟнытә, Амшаԥы адырҩаҽны ашколқәа рҟны ашә аԥхьа аҷаԥшьаҩцәа дыргылон. Иааҩналоз ахәыҷқәа рнапқәа ирыхәаԥшуан. Ашәыга ашьҭа рбар, аҭаацәа аныҳәа азгәарҭеит, акәтаӷьқәа ршәит акәын иаанагоз. Аҵаҩы исахьа акарикатура алхны, абҩа иҿыҵакны, ашколтә ҭӡы газеҭ данырҵон, иҩызцәа ихдырччон.
"Ауаажәлар аиҳабыра шрықәымчуазгьы, Амшаԥы маӡала иазгәазҭоз рацәаҩӡан. Убри аҟнытә, аҭӡы газеҭ ианыз ашколхәыҷқәагьы маҷҩымызт. Аҷаԥшьаҩцәа ҳџьыбақәагьы гәарҭон. Акәтаӷьқәа шәны иаазгоз иҳамырхуан. Ҳаргьы, иаҳцәыргоз шкармыжьуаз ҳдыруан, изныкымкәа ҳрышьклаԥшхьан, акласс уада иҩнатәаны ишырфоз ҳбахьан", - игәалашәоит Владимир Жьиба.
Амшаԥы аҿагылара аназыруаз аамҭа далацәажәо, Владимир Жьиба даҽа хҭыск дазааҭгылеит.
"Сара Мгәыӡырхәатәи ашкол сҭан. 1950-тәи ашықәсқәа раан еиҳараӡак араҟа аус зуаз ақырҭцәан. Аколлектив аҟны аӡәык-ҩыџьак ракәын иаԥсыуааз. Исгәалашәоит зны, Амшаԥы адырҩаҽны, ашкол ашҭа ҳанааҭала, аҷаԥшьаҩцәа ҩаԥхьа ҳџьыбақәа ирҭаԥшуа, ҳнапқәа гәарҭо ианалага, абаҩрҵәыра ҳазҭоз Сандро Леиба, "шәызҿу закәи, ахәыҷқәа шәырҟәаҵ" ҳәа данырҿагыл, аисра аҟынӡа ишкылеибагаз. Ҳала зааԥшуаз ԥыҭҩык ақырҭуа рҵаҩцәа иԥҟеит. Нас ашкол адиректор аусура дамихит. Аха, ҳазшаз имчала, хара имгакәа ҳашкол адиректор дырԥсахын, Сандро иусураҟны дшьақәдыргылеит", - абас Амшаԥныҳәа иахылҿиааз атәы далацәажәоит Владимир Жьиба.
Сталин иԥсҭазаара даналҵ, азакәанқәа кәадахеит. Ԥшьаала ақьырсиантә дин амч аиуа иалагеит.
Владимир Жьиба иаҳзеиҭеиҳәеит, аӡәык-ҩыџьак рыда, аԥсуаа Амшаԥы азгәарымҭакәа ишыҟамлацыз. Уимоу, аныҳәа иадҳәалаз, "гәылахәыла" захьӡыз аиҭанаиаарагьы шрымаз.
"Иарбан ныҳәазаалакгьы, Амшаԥы налаҵаны, ҭаацәацыԥхьаӡа, агәыла ихәгьы дырмазеиуан. Аҽны, мамзаргьы адырҩаҽны, ааигәа-сигәа инхоз еиҿцаауан "гәылахәыла" ҳәа. Доусы хкы-хкыла афатә асаара инҵаны, агәыла диҭаауан. Зыҟны дыҟаз иакәзаргьы, ичыс инапы иқәыргыланы иара иахь днеир акәын", - ҳәа ажәытә ҵас далацәажәеит абырг.
Иҟан аԥсылман дин ауп иныҟәаҳго ҳәа Амшаԥы азгәазымҭозгьы, аха агәылацәа рҟны ианнеилак, ражәақәа анырхашҭуаз.
"Зны ҳаԥсылманцәоуп ҳәа зҳәоз ҳгәылацәақәак, Амшаԥы аҽны аныҳәа азгәазҭоз аӡәы иҿы ианнеи, агылашьа иақәымшәакәа, хәлаанӡа аҩыжәра иаҿын. Аԥшәма, "шәара шәыҩны акәзаап шәахьԥсылманцәоу, агәылара шәаннеиуа шәқьырсианцәахозаап" ҳәа аҽԥныҳәа риҭеит. Уи нахыс даргьы Амшаԥы азгәарҭо иалагеит", - ҳәа алаф ахиҳәаауеит Владимир Жьиба.
Иахьа, Анцәа ду имчала, аԥсуаа зегьы ҳгәы ишаҭаху еиԥш аныҳәа азгәаҳҭаратәы алшареи аҭагылазаашьеи ҳамоуп. Хәыҷи-дуи ҳазшаз илԥха шәымазааит, илаԥш хаа шәхызааит!