Аԥсуа идин – ԥсык еицаҳхазҵо
Иҟоуп изҳәо, аԥсуаа иазгәарҭо Амшаԥныҳәа ақьырсианра Аԥсны иааиаанӡагьы абри амш (ақьырсианцәа ианазгәарҭо амш) иақәшәон ҳәа. Даҽа џьоукы иазгәарҭоит Амшаԥы ааира ааԥын иадыркылоз амра ҿыц агылара, аԥсҭазаара ҿыц аира, аарыхрақәа раамҭа ааира ирыдкыланы иахәаԥшуан ҳәа.
Иуадаҩуп аҳәара "Амшаԥы" - "амш аԥылара" аԥсуа ихдырраҿы изызҳәоу Амра аира акәу, Иаса Қьырса игылара (ибзахара) акәу? Аха еидкыланы ҳахәаԥшуазар, аԥсуа еснагь ашьыжь даныҩагылои уаха данышьҭалои Анцәа ихьӡ ҳәаны имш далагоит, Анцәа ихьӡ ҳәаны имш хиркәшоит, "Анцәа ԥшӡала иаҳзырша" ҳәа. Раԥхьатәи аныҳәаҿагьы Анцәа иоуп изызку – "Анцәа улԥха ҳаҭ!"
Коӷониаԥҳа: ауаҩы игәы ҿкааны Ҳазшаз даниҳәа — аҭак иоуеит>>
Амшаԥныҳәа аухаз акәзар, "Амшаԥшара шәоуааит" рҳәоит.
Иара аҽны ақьырсианцәа еибырҳәо аидныҳәаларагьы "Иаса Қьырса дыбзахеит! – Ҵабыргны дыбзахеит!" - ҳбызшәа аҟны еиҭагак аҳасабалоуп ишалагалахаз, акәымзар, ахала имыҿиаӡеит, иҳәатәуп иара ахархәарагьы шыҭбаам. Анкьеиԥш, иахьагьы аныҳәа дуқәа рзы – дқьырсианыз, дыԥсылманыз – еилых ҟамҵаӡакәа ишеидныҳәало "Ҽаанбзиала!" ҳәа ауп. Амшаԥныҳәазгьы убас.
Адунеи аҿы адинқәа шырацәоугьы, аԥсуа адунеи данықәнагала нахыс, уи аӡәы итәы дашьҭамлакәа, ихатә дин ирҿиеит. Аԥсуа идин – иаԥсуароуп! Уи ус шакәу унарбоит иахьа сқьырсиануп зҳәогьы аԥсыуала данныҳәо, "сабацәа ишысдырбаз" ҳәа, сыԥсылмануп зҳәогьы аԥсыуала данныҳәо, иабацәа рҟынтәи иибаз, иаҳаз ала. Аԥсуара ашьаҭақәа убас иӷәӷәоуп ҳхаҭагьы иҳазгәаҭаӡом ҳаибаркны ҳахьынӡамоу – бла иамбо ԥсык ахоуп – еицаҳханаҵоит еиԥшымгьы ауаа. Амшаԥгьы убас еиуеиҧшым адинқәа шьҭызхызгьы ауаа еиднакылоит.
Ҳаамҭазы ауахәамахь инеиуагьы ԥсыуаҵаслагьы аныҳәа даԥылоит. Даҽа динк уи аҩыза аурымызт – иалухыз адин мацароуп узықәныҟәалаша ҳәа, ари далнацарын. Нас машәырны ирҳәозма аԥсуаа адинқәа еицеиҟаран ирызнеиуеит ҳәа. Аха ҳхатәы иаҳзымдырӡакәоуп амч шаҳнаҭо.
Амшаԥӡыси, амшаԥҳаԥшьеи, амшаԥкәтаӷьи
Амшаԥныҳәазы ԥсыуаҵасла ихадароу ныҳәагатәны иҟоу аӡыси аҳаԥшьаҩи роуп. Аԥшәма ашьыжь даныҩагылалак, раԥхьа иргыланы, иҿи инапи ааӡәӡәаны, аныҳәара иҽазирхиоит.
Нас днеины амшаԥӡысгьы аҿы ааӡәӡәаны, днахныҳәаны ишьуеит – "ашьа аирбоит" (досу ишырзаԥу ала, насгьы рылшарақәа инарықәыршәаны есышықәса акәымкәа, ашықәси ашықәси рыбжьара изшьуа дубап, мамзаргьы хышықәса рахь знык).
Анаҩс аҧшәма дныҳәоит абас:
"Анцәа Ду! Улԥха ҳаҭ, угәыԥха ҳаҭ! Улаԥш хаа ҳагумырхан! Амшаԥшара ҽаангьы ҳаибга-ҳазҩыда, ҳаҟара ҳацланы, аизҳарақәа рыла ҳаԥыларатәы уаҳхылаԥш! Хәыҷгьы-дугьы иҭабуп ҳәа уаҳҳәоит Амшаԥныҳәаду ҭаацәаныла ҳаԥыларатә иахьыҟауҵаз. Ҽаангьы абас лыԥхала ҳаԥужьлар, иҵегь еиӷьны ҳауԥылоит ҳаргьы!"
Амшаԥӡыс зшьуа иакәзар, дзыхныҳәаз ашьтәа акәац акы инанҵаны, агәи агәаҵәеи нақәҵаны, даҽазныкгьы днахныҳәаны, аҳаҧшьа ахьыҵоу аҭыҧ ахь иманы днеиуеит.
Аҩнаҭа иаҵанакуа ахацәа наиваргыланы аныҳәаҩ аҳаҧшьаҩы ала дныҳәоит, агәи агәаҵәеи кны, заа ирхиахьаз ацәашьгьы наркны, аҳаҧшьа ахы иадирҷаблоит. Нас еиҳабы-еиҵбыла зегьы агәи агәаҵәеи агьама дирбоит, аҩгьы иахныҳәоит. Аҩныҟа ианааилак, "Алҧха шәоуааит" ҳәа инарҧылоит, еибаныҳәоит.
Иазгәаҭатәуп, амшаҧныҳәазы идырхио аишәа гәырӷьа еишәоуп, алахҿыхра ацуп. (Амала ари амш азгьы аишәақәа зыргылогьы ахьаҳбо ыҟоуп.) Амшаԥкәтаӷь еинырҟьоит. Ачысгьы ирхиоу зегьы шәыла, кәацла, ахаа-мыхаала ирхиоуп. Агәылацәа еиҭанеиааиуеит, еидныҳәалоит. Ахәыҷқәа еицлабуеит акәтаӷьеинҟьараҿы.