Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Арҭ амшқәа рзы, Адаԥазар, Сақариа ақалақь, аԥсуаа ркультуратә хеидкылаҿы имҩаԥысит аҳәса анапҟазацәа ргәыԥ еиҿнакааз ацәыргақәҵа "Аҩычага".
Аҭанур Аҟәысба: мрагылара инаркны мраҭашәаранӡа аԥсуаа реидкылара ҳаҿуп
Уажәшьҭа ҩышықәса ҵуеит Ҭырқәтәыла Сақариа ақалақь аԥсуаа рхеидкылаҿы еиҿкааужьҭеи аҳәса анапҟазацәа ргәыԥ "Аҩычага". Аҭоурых иагәылганы иахьа уажәраанӡа атәым жәҩан аҵаҟа инхо ҳџьынџьуаа ирылшазар рмилаҭ ахаҿра еиҭазҳәо, иӡырызго амаҭәарқәа реиқәырхара, аԥсы рхаҵара, ус анакәха агәыӷра ыҟоуп аԥхьаҟагьы аԥеиԥш бзиа шаиуа. Уи шьақәзырӷәӷәо акакәны иҟоуп арҭ амшқәа рзы, зыӡбахә ҳамоу ахеидкылаҿы имҩаԥысыз ацәыргақәҵа, аҳәса ҟазацәа рнаплых аӡыргара.
Зеррин Шамԥҳа, Аԥсныи Ҭырқәтәылеи инхо аԥсуаа реимадара аус иазааԥсахьоу, ҳажәлар ирхыргахьоу аҭоурых еизҳауа абиԥарақәа рымадара зыҽҵәылхны иашьҭоу лоуп. Лара ганрацәала илылоу абаҩхатәра иабзоураны, иахьа лҟазара ҳалаҽхәартә ҳаҟоуп. Лҩызцәеи лареи ирыбзоураны аԥсы ҭоуп ажәытә Кавказ ажәларқәа рнапы иҵырхуаз аҩычагақәа.
"Араӡын рахәыцқәа рыла иаҳԥоит ижәытәӡатәиу аҩычагатә маҭәарқәа. Урҭ иреиуоуп ахәыдахаҵақәа, анапхаҵақәа, алымҳареиқәа, амацәазқәа, иара уҩбас амаҭәа арԥшӡагақәа", - ҳәа азгәалҭоит Зеррин Шамԥҳа.
Зеррин Шамԥҳа излалҳәо ала, акрааҵуеит аҩычагатә маҭәарқәа рыҭҵаара даҿуижьҭеи. Лара ланду Зульфие Ҷанԥҳа напыла илԥалон амаҭәа арԥшӡагақәа, уи илҿылҵааз акыр ирацәоуп.
"Сара схәыҷы аахыс акыр сазҿлымҳан, интересс исыман санду иҟалҵоз лнапкымҭақәа. Хымԥада, саргьы илҿысҵааз рацәоуп. Абри аус аганахь ала, Аԥсны сцаны иҭысҵаахьеит аҩычага аҭоурых. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аетнографиа аҟәша аиҳабы Инга Шамԥҳа лыбзоурала аус адаҳулахьеит Аԥснынтә Ҭырқәтәыла иааанагаз, иахьа уажәраанӡа еиқәхаз анаплыхқәа, урҭ реизгарагьы саҿуп"-лҳәеит аҟазара абзиабаҩ.
Анаплых абзиабаҩцәа ргәыԥ "Аҩычага" еиднакыло аҳәса лассы-лассы еиқәшәоит, рус ҭырҵаауеит, иҳәаақәырҵоит, аҵара процесс иахысуеит. Анаҩс, урҭ русумҭақәа рылҵшәа иаднаԥхьало ҳџьынџьуаа агәахәа рнамҭар алшом. Уимоу, рҟазара Аԥснаа даара гәахәара дула иҳадаҳкылеит, рхабар ҳара ҳҟынӡагьы иааӡеит.
"Измиҭ инхо аԥсуаа рхеидкыла анапхгара иалоу Зеинеԥ Шьаргелиаԥҳа рҵаҩыс дҳамоуп. Лара араӡын рахәыцқәа рыла аԥара иазку акурсқәа рацәаны дрылгахьеит. Ҳара ҳгәыԥ акәзар, даара ҳазҿлымҳауп аҩычагатә маҭәарқәа рҵара. Ацәыргақәҵа мацара азакәымкәа, иныҟәаҳго арԥшӡагақәа ҳнапала еиқәҳаршәрц ҳҭахуп", - ҳәа азгәалҭоит Зеррин Шамԥҳа.
Аԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла
"Аҩычага" агәыԥ иалахәу анапҟазацәа ирҭахуп абас еиԥш иҟоу ацәыргақәҵа рыԥсадгьыл Аԥсынтәыла аиҿкаара. Рашьцәа иаҳдырбарц агәазыҳәара рымоуп атәым ажәҩан аҵаҟа ишыҟоугьы рмилаҭ ахаҿра аиқәырхара ишахӡыӡаауа, уи азы ирылшо зегьы шыҟарҵо.
Ацәыргақәҵа зхы алазырхәыз Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысба, ари аусмҩаԥгатә иазкны игәаанагара иҳәеит:
"Амилаҭ реиқәырхаразы, рԥеиԥш шеишықәса ԥшӡала инеиларц азы ари аҩыза аусмҩаԥгатә акырӡа аҵанакуеит. Ииашаҵәҟьаны, аҭоурых иаҿахәҳәагоуп. Сақариатәи аԥсуаа рхеидкыла аиҳабы Орал Бганба, иԥшәмаԥҳәыс Зеррин Шамԥҳа, рҵаҩыс иҟоу Зеинеԥ Шьергелиаԥҳа рыбзоурала, ҩышықәса раахыс имҩаԥысуеит Кавказ ажәларқәа, аԥсуаа рнаплыҵқәа аус рыдулара"-иҳәеит Аҭанур Аҟәысба.
Аԥхьаҟа, "Аҩычага" апрограмма аҽарҭбаауеит. Ҭырқәтәыла, қыҭацыԥхьаӡа, егьырҭ ахеидкылақәа рҟны иҟоу аҳәса иддырҵарц азы аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп.