Зеррин Шамԥҳа: сысалам шәҟәқәа аҭоурых иаҿахәҳәагоуп

© Фото : из личного архива Зеррин ШамбаПереписка репатрианта Орхана Ашамба с абхазской интеллигенцией
Переписка репатрианта Орхана Ашамба с абхазской интеллигенцией - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҟан аамҭақәак, нырцәи-аарцәи ҳәа еҩшаз, шьак-дак иалҵыз ҳауаажәлар анеиҟәыҭхаз, ирыбжьаз аихатә гәашәқәа анаркыз, аибабараҵәҟьа алшара, азин анрымамыз. Ҳажәлар еснагь аԥышәара аамҭа иҭагылан. Аҭоурых ацәқәырԥақәа акыр икырдырҟьахьазаргьы, доуҳала иӷәӷәоу аԥсуаа ус рыхҽра мариамызт.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Амҳаџьырра аамҭа, аҟыба-ӡыба ззаанагаз Кавказ ажәларқәа, еснагь рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рылаԥш хоуп, маҷ-маҷ акәзаргьы рҽазыршәоит иҿыцәаахьоу рхәышҭаарамцақәа реиқәҵара, рыҵәҩаншьап арсра. Рӡиасқәа ирхыршәлаз рабдуцәа руапақәа ҩаԥхьа ирхырхуеит, ҩаԥхьа иҵхәраа инеиларц рӡыхь.

Кавказ ажәларқәа ирызкыу ажурнал - Sputnik Аҧсны
Кавказ ажәларқәа ирызкыз раԥхьатәи ажурнал

Ааи, аԥсыуак илакҭа аҭаԥшра ԥсҭазаарак ианаҩсуаз, амшын-нырцә инхоз аԥсуаа рхабарк Аԥснынӡа иааӡар жәҩангәашәԥхьарак ианаҩызаз, ԥсеиқәырхагас асаламшәҟәқәа анрыбжьысуаз, агәхьаагареи, агәырӷьареи, агәырҩеи зцыз ацәаҳәақәа ԥсҿыхгас ианрымаз. Заҟа ихьанҭоузеи зыԥсадгьыл иаҟәыгоу ауаҩы иҿахәы аҳәара?

Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақь аҿы, ааигәа исықәшәаз Зеррин Орҳан-иԥҳа Шамба, акыр лџьабаа рацәоуп Аԥсынреи, аԥсуареи, аҭоурыхи, ажәытәи-аҿатәи реимадара аус аҟны. Лаб, Орҳан Ашамба, зыхьӡ акыр инагаз аԥсыуан, иара ихьӡ еицырдыруеит Аԥснеиԥш уи анҭыҵгьы, нырцәи-аарцәи цҳас дрыбжьан, иажәа акрыԥхылнадон, ихыԥша ӷәӷәан. Зеррин лшәыра иааҭыган ислырбеит, аҭоурых иаҿахәҳәаганы, акыр дрыхӡыӡаауа илымаз асалам шәҟәқәа.

Абӷьыцқәа еихыршәшәо уҿааухар иубоит аҭыԥантәи аԥсуааи, амшын-нырцә инхоз ҳашьцәеи рхәыцрақәа, ргәаҟрақәа знырҵоз ацәаҳәақәа, асахьақәа.

"Сара сахьиз аҩнаҭаҟны еснагь аҳра ауан аԥсуара, аԥсуа бызшәа, Аԥсны аӡбахә. Сара хаҭала изыҩуан Аԥсныҟа асалам шәҟәқәа, иара убас уантә исоуан аҭакқәа. Шәазхәыц, усҟантәи аамҭазы уи закәытә гәырӷьара дууз", — аҭоурых дагәыланахалан дцәажәон Зеррин.

Зеррин ицәырган иаҳлырбаз асалам шәҟәқәа рахьтә уажә ишәыдаагало, Руслан Гәажәбеи лареи ирыбжьысуаз роуп. Абар уаҟа иаҳәо:

© Фото : из личного архива Зеррин ШамбаПереписка репатрианта Орхана Ашамба с абхазской интеллигенцией
Переписка репатрианта Орхана Ашамба с абхазской интеллигенцией  - Sputnik Аҧсны
Переписка репатрианта Орхана Ашамба с абхазской интеллигенцией

"Сахьшьа Зеррин, мшыбзиа!

Иҭабууп, иҭабууп идуӡӡаны ҳахьыбгәалашәаз, Ҭома Лагәуа шәыхабар бзиа ҳзааигеит, асахьақәа, аҳамҭақәа,уи зегьы-зегьы ргәы иахәеит. Бышԥаҟоу бара, бусқәа шԥаҟоу? Џьамила Шамԥҳа хынтә-ԥшьынтә ашәҟәы налышьҭхьет, лара гәыбӷан лымам, дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа дыҟоуп, асалам шәҟәы еиҭалыҩуеит, еиҭаналышьҭуеит, ргәы иалымсааит ҳәа салҳәеит. Ҿыцны иаҳзыжәҩы, аҭак шәазымԥшын. Бзиала, бзиала, салам нымҵәаӡо.

Агәажәба Аслан".

Егьа аамта царгьы, аҭоурых ианхалаз ашьҭа еицакра ақәлом. Урҭ абиԥарақәа реигәныҩра иасаркьалбжьны иаанхоит. Ҳажәлар ирхыргаз агәаҟра цәгьа хашҭра ақәымзааит, зыԥсадгьыл иаҟәыгоу ҳауаажәлар рџьынџь дгьыл аҿы наунагӡа рынхара ҟалааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0