АҶА: амца ырцәоуп аха аихагылеиҩкаагақәа ҭыԥқәак рҿы еилаҳар алшоит

Аԥшьаша ашьыжь Аҟәатәи аҩбатәи ашкол амца акит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 2 - Sputnik. Аҩбатәи ашкол амца ырцәоуп аха аихагылеиҩкаагақәа ҭыԥқәак рҿы еилаҳар алшоит, абри атщы иҳәеит Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан.

Аҟәатәи абжьаратә школ N2 амцакра ырцәоуп

Амцарцәаҩцәа ражәақәа рыла аиха иалху аиҩкаагақәа ашыра ӷәӷәа иахҟьаны иҭаҳар алшоит.

Усеиԥш ҟалар аҩбатәии ахԥатәии аихагылақәа аԥырхага роур ауеит.

1500 метр ԥшьыркца амца акны иҟан ҳәа иҳәоит Делибалтиан.