Амцарцәаҩцәа амца анхарҭатә ҩнахьы аиасра аԥдырҟәҟәааит

Аҩбатәи аҟәатәи ашкол амца акит аԥшьаша, лаҵара 2 рзы. Аҭыԥ ахь инеиит Аԥсны АҶА аусзуҩцәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 2 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. А.С. Пушкин ихьӡ зху аҟәатәи абжьаратә школ N2 иаԥну анхарҭа ҩнахьы амца аиасра аԥдырҟәҟәааит амцарцәаҩцәа ҳәа ааицҳауеит аҭыԥ аҟынтәи Sputnik акорреспондент.

Аҩбатәи аҟәатәи ашкол амца акит

Амцарцәаҩцәа ирылшеит ашкол ахыб абжеиҳара арцәара уи ала анхарҭаҩнахьы амца анамышьҭра.

Аҭыԥ ахь инеиит амцарцәаратә машьынақәа быжьба.

Ақалақь ауааԥсыра ракәзаргьы арахь иааиуеит.

Ашкол аҿы амца хәыҵҟьеит ашьыжь. Усҟан ашкол аҿы уаҩ дыҟамызт. Амца зкыз ахыб ауп, ашкол ауадақәа еиқәырхоуп. Амцарцәаҩцәа аусура иаҿуп.

Амцакра амзыз макьаназ ишьақәыргылам.