АҞӘА, лаҵара 2 - Sputnik. Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа 118 495 зеиԥш тәылауаҩшәҟәы ршахьеит, 7 919 – рыҭара иазыхиоуп, 3 119 – аус рыдырулоит, ҳәа иҳәеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба, Атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара азҵаара иазкны имҩаԥигоз аилацәажәараҿы.
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба инапынҵала араионтәи ақалақьтәи хадацәа ацхыраара роуроуп атәылауаҩшәҟәқәа реихшараан.
Иара убасгьы араионқәа рхадацәеи ақыҭақәа рхадацәеи иалдыршароуп ауааԥсыра рдокументқәа ралаҵареи, атәылауаҩшәҟәқәа рыҭареи дырццакырц.