Арадио

Лев Кәыҵниа: ашкол амцарцәараз ҳамчқәа зегьы еибыҭоуп

Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ амцакра зыхҟьаз макьана еилкаам ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.
Sputnik
Лев Кәыҵниа: ашкол амцарцәараз ҳамчқәа зегьы еибыҭоуп

"Аҷаԥшьаратә пункт ахь аҭел иасит асааҭ 6:40 рзы ашкол амца акуп ҳәа. Ҳанааи ахыбра амца акхьан. Аҟәеи Аҟәа араиони, Аҳабла Ҿыц аҟнытәи 150-ҩык амцарцәаҩцәа аҭыԥан аус руеит. Жәа-машьынак инареиҳаны аус руеит. Ашкол ахыб блит, аха ауадақәа еиқәҳархеит. Ашкол аԥхасҭа иаиуз атәы аҳәара макьана иуадаҩуп, изыхҟьазгьы еилкаам", - иҳәеит Кәыҵниа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.