Лев Кәыҵниа: ашкол амцарцәараз ҳамчқәа зегьы еибыҭоуп
"Аҷаԥшьаратә пункт ахь аҭел иасит асааҭ 6:40 рзы ашкол амца акуп ҳәа. Ҳанааи ахыбра амца акхьан. Аҟәеи Аҟәа араиони, Аҳабла Ҿыц аҟнытәи 150-ҩык амцарцәаҩцәа аҭыԥан аус руеит. Жәа-машьынак инареиҳаны аус руеит. Ашкол ахыб блит, аха ауадақәа еиқәҳархеит. Ашкол аԥхасҭа иаиуз атәы аҳәара макьана иуадаҩуп, изыхҟьазгьы еилкаам", - иҳәеит Кәыҵниа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.