Арадио

Какоба: ареспубликатә олимпиадақәа рҿы аиааира зго аԥышәарақәа арҭом

Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба ҷыдала арадио Sputnik иеиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит сынтәа аолимпиадақәа рҿы аиааира згаз ашколхәыҷқәа аԥышәарақәа шарымҭо.
Sputnik
Какоба: ареспубликатә олимпиадақәа рҿы аиааира зго аԥышәарақәа арҭом

"Аҭагылазаашьа ишаҳнарбо ала иуҳәар ҟалоит ашколхәыҷқәа зегьы аԥышәарақәа раҭара ишазыхиоу атәы. Лымкаала аԥсуа бызшәазы аԥышәарақәа ртәы ҳҳәозар, ашколхәыҷқәа ролимпиада иаҳнарабеит ҵыԥх аасҭа сынтәа иалахәыз рхыԥхьаӡара шеиҳахаз, маҷк акәзарагьы, разыҟаҵара иаҳа ишеиӷьхаз. ААУ аҟны имҩаԥган ахатәы аолимпиадагьы, уи аҽалархәразы аҭагылазаашьа рыҭан изҭахыз ахәыҷқәа зегьы, дара 300-ҩык инареиҳан. Урҭ алҵшәақәа бзиақәагьы аадырԥшит. Абри зегьы азгәаҭаны абыржәы адҵа ҟаҳҵар ҳҭахуп, сынтәа аолимпиадақәа рҟны аиааира зларгаз амаҭәарқәа рыла ахәыҷқәа аԥышәарақәа рҟынтә рхы иақәиҭтәызарц. Ари аҿар еиҳа аҵарахьы агәацԥыҳәара рынаҭоит", – азгәеиҭеит Какоба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.