Урыстәылатәи аспортсменцәа Мамзышьха асноубаикқәа рыла иахыкәшеит

Акоманда "Enduro Syndicate" алахәылацәа аԥснытәи ашьха Мамзышьха асноубаикқәа рыла иахыкәшеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 3 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Мамзышьха ашьха авулкан иеиԥшуп ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит акоманда "Enduro Syndicate" алахәыла Виктор Шпалов.

Урыстәылатәи аспортсменцәа Мамзышьха асноубаикқәа рыла иахыкәшеит

Иара иажәақәа рыла, Мамзышьха иамоуп акарсттә еилазаара авулкан угәалазыршәо ажрақәеи аҭаҳарақәеи шьақәдыргылоит.

"Ари ашьха аҽа цәак аҟәыннаҵоит. Аӡынтәи амза апеизаж асахьа амоуп. Иааҳакәыршан иҟаҵәҟьоу аԥсабара аҽаныршәара уадаҩын, ҳцәаныррақәа ҳәаак рымамызт", - иҳәоит Шпалов.

Урыстәылатәи аспортсменцәа Мамзышьха асноубаикқәа рыла иахыкәшеит

Акоманда "Enduro Syndicate" алахәылацәа асноубаикқәа рыла ашьха аҭагылазаашьа зеиԥшроу гәаҭан иахысит.

"Асноубаикқәа – асаҿы иныҟәо мотоциклқәоуп. Ашьҭахьтәи акәырқәа рцынхәрас аихеихаԥсатә комплектқәа ахарҵоит. Иарбанызаалак аспорттә мотоцикл асеиԥш еиҭоукыр алшоит. Аӡынраз Иркутск, Камчатка, Сахалин ҳаҟан. Аԥсны урҭ акала иреицәам", - иҳәоит иара.

Акоманда "Enduro Syndicate" - амотоциклқәа Motul рыла есышықәсатәи аралли Red Bull Romaniacs hard enduro rallye рҽаладырхәуеит.