Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Аԥснытәи амилаҭтә банк иҭнажьуа аԥсарқәа рцәыргақәҵа иацҵан Сақариа ақалақь аҿы. Уи рхы аладырхәит хыԥхьаӡара рацәала ҳџьынџьуаа, иара убас ацәыргақәҵа ашҟа ааԥхьара змаз асасцәа. Еизаз рхыԥхьаӡараҿы иҟан Ҭырқәтәылатәи Ареспублика апарламент адепутат, хылҵшьҭрала иаԥсыуоу, "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьоу Енгин Папба (Ҭаскәач-иԥа), Сақариа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аахыҵ-Уаԥстәыла Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Ремзи Елдырым.
Ацәыргақәҵа алагамҭазы, Ҭырқәтәылатәи апарламент адепутат Енгин Папба, Аԥснытәи амилаҭтә банк имҩаԥнаго аусура атәы дазааҭгыло иазгәеиҭеит:
"Аҳәынҭқаррақәа зхатә ԥара ҭзыжьуа, зхатә банк змоу, ҳәынҭқаррак аҳасабала ишьақәгылоуп, аус ауеит, иӷәӷәоуп ауп иаанагоу. Ҳара ҳаԥсадгьыл Аԥсны ас еиԥш ахатәы милаҭтә банк амазар, ишҳәынҭқарра наӡоу адунеи иадыруеит. Иахьа иҭнажьуа аԥара, мышкы зны Анцәа иҳәааит адунеи ахьынӡанаӡааӡо ахархәара аиуа", - иҳәеит Ҭырқәтәылатәи апарламент адепутат Енгин Папба.
Аԥснытәи амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа напхгара зиҭоз аделегациа, ацәыргақәҵа зхы алазырхәыз ирзеиҭарҳәеит амилаҭтә банк иҭнажьуа аԥсарқәа рҭоурых, урҭ хархәарас ирымоу, насгьы сериала ишеихшоу, урҭ еиҳарак Аԥсны аҭоурыхтә баҟақәеи еицырдыруа ауааи ишрызку.
Сақариа еиҿкаау аԥсуаа рхеидкыла аиҳабы Орал Бганба иакәзар, ас еиԥш иҟоу ацәыргақәҵа Ҭырқәтәыла раԥхьаӡа акәны ишымҩаԥысуа атәы иҳәеит.
"Имҩаԥысыз ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны, еизаз идырбан шықәсык аҩныҵҟа Сақариатәи аԥсуаа ҳхеидкыла аусура алҵшәа. Еизаз рҿаԥхьа иқәгылеит араҟа еиҿкааны иҳамоу аиҳабацәеи, аҿари, ахәыҷқәеи рыкәашаратә ансамбльқәа. Ҳарманҭеԥе, Ақбалық, Сауксу ақыҭақәа, насгьы адернеқь аҟны аԥсуа бызшәа аҵаразы акурсқәа ирхысуаз аҿар ирыҭан адипломқәа", - иҳәеит Орал Бганба.
Орал Бганба излазгәаиҭаз ала, ас еиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа ҳажәлар реимадара акыр иацхраауеит, еибанарбоит. Ацәыргақәҵаҿы иӡырган мышқәак раԥхьа аҳәса анапҟазацәа ргәыԥ еиҿнакааз ахьи араӡни ирылху аҩычагақәа. Хаҭала, Орал Бганба иааихәеит Аԥснытәи амилаҭтә банк ацәыргақәҵаҿы иҟаз аԥсарқәа рахьтә Аԥсны аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба исахьа зну 500 мааҭ ицо аԥсар. Убас еиԥш аԥсарқәа згәаԥханы, иаазхәақәаз ҳџьынџьуаа ыҟоуп.
Амилаҭтә банк ацәыргақәҵа алҵшәа дазааҭгыло Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны ахаҭарнак иабжьгаҩ Асҭамыр Багаҭелиа иазгәеиҭеит, ас еиԥш иҟаҵоу ашьаҿа ҭоурыхтә хҭысны дшахәаԥшуа. Ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥснытәи амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа напхгара ззиуаз аделегациа Ҭырқәтәыла имҩаԥыргаз ауснагӡатә азы.
"Сҭампылгьы, Адаԥазаргьы ацәыргақәҵа иахәҭаз аҩаӡара аҟынӡа инаганы еиҿкаан. Абанк иҭнажьуаз аԥсарқәа рыӡбахә заҳахьаз шыҟазгьы, ирацәаҩын хаҭала изымбацыз. Амилаҭтә банк аҳәаанырцәтәи аимадарақәа рыҟәша аиҳабы Лиана Агрԥҳа ацәыргақәҵа ахҳәаа бзиа азыҟалҵеит. Ҭырқәтәылатәи аинтеллигенциа ахаҭарнакцәеи, ҳџьынџьуааи даара гәахәас иҟарҵеит, аинтерес ду рызцәырнагеит", - ҳәа азгәеиҭеит Асҭамыр Багаҭелиа.
Аԥснытәи амилаҭтә банк Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы еиҿнакааз ацәыргақәҵа ҳдиаспора ирхамшҭуа акрызҵазкуа хҭысны иаанхеит.