Арадио

Салаҟаиа Гьаргь Ӡиӡариа изкны: аҵарауаа дуқәа рҟынтәи иреиҳаӡоу дреиуан

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ адоцент Сослан Салаҟаиа арадио Sputnik аҟны дигәалаиршәеит иҭҵаарадырратә напхгаҩы, аҵарауаҩ ду Гьаргь Ӡиӡариа.
Sputnik

Еицырдыруа аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ, кавказҭҵааҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, арҵаҩ ду Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа диижьҭеи иахьа 105 шықәса ҵит.

Салаҟаиа Гьаргь Ӡиӡариа изкны: аҵарауаа дуқәа рҟынтәи иреиҳаӡоу дреиуан

"Гьаргь Алықьса-иԥа иусумҭақәа са сзы иреиҳау аҭыԥ ааныркылоит. Сара иара иҵаҩы, иаспирант сакәын, скандидаттә усумҭа атемагьы сзалзхыз иара иоуп. Уи азеижәтәи-аҩажәатәи ашәышықәсақәа ирыҵаркуа аҭоурых аҭҵаара иазкын. Иаргьы уи инапы алакын. Сгәаанагарала иреиҳаӡоу ҩымҭоуп "Амҳаџьырреи Аԥсны ХIХ ашәышықәсазтәи аҭоурых азҵаарақәеи". Уи еиҳау ашәҟәы аҭоурых аҟны уажәыгьы иҳамаӡам. Иара убас ареволиуциа ҟалаанӡа аԥсуа интеллигенциа реиҿкаашьа, жәлар рынхамҩа аума, Аԥсны Урыстәыла адгылара аума, даара ирацәоуп ирыҵаркуа иусумҭақәа. Аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩцәа дуқәа ҳамоуп иҵегьы, аха иара иреиҳаӡоу дреиуан", - иҳәеит Салаҟаиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.