Арадио

Аҳауагәаҭаҩ Ахԥҳа еиҭалҳәеит лаҵарамзазы амшқәа зеиԥшрахо

Аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҳауеи аӡқәеи рыҟәша азҟаза хада Лариса Ахԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аҟны еиҭалҳәеит лаҵамзазы аҳауатә ҭагылазаашьа зеиԥшрахо атәы.
Sputnik
Аҳауагәаҭаҩ Ахԥҳа еиҭалҳәеит лаҵарамзазы амшқәа зеиԥшрахо

"Шықәсырацәалатәи азгәаҭарақәа рыла лаҵарамзазы аҳауа зеиԥшрахо атәы ҳҳәозар- аҽеиҭанамкӡеит. Ладантәи ахьшәашәара быжьҟьаны иааилоит, ҩадантәи- аԥхара, урҭ реиҿагылара амш еиҭанаклоит. Бжьаратәла +16 +18 градус рҟынӡа аԥхара ҟалоит, аха амшынӡыҟәандара мшаԥымза иашьашәалоу арбагақәа рҿы иҟоуп. Раԥхьатәи амчыбжьқәа рзы амшқәа цәгьахоит, аха анаҩс иаабаратәы аԥхара ааиуеит, уигьы лассаамҭа иҟалом. Амза 15 ашьҭахь амш иаҳа иҭышәынтәалахоит, +27 градус рҟынӡа аԥхара ҟалоит", - ҳәа азгәалҭеит Ахԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.