Аиааираз амарш хада аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира амшныҳәа Аҟәа имҩаԥысраны ишыҟоу атәы Sputnik аматериал аҿы шәаԥхьар шәылшоит.
Sputnik

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Аҟәатәи амшынԥшаҳәаҟны, Идырым асолдаҭ ибаҟа ааигәара шьыжьы инаркны Аԥсны атәылахьчара аминистрра аоркестри Абыжьбатәи урыстәылатәи арратә база аоркестри инарыгӡоз амузыка бжьы ықәыҩуан. Урҭ ирцәыхарамкәа шьаҿеиқәшәала аԥшаҳәа ианыланы инеиуан Урыстәылеи Аԥсни рыруаа.

Аиааираз амарш хада аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Амузыкабжьы заҳаз ауааԥсыра урҭ рыҽрыдырхалон.

Апарад аҟнытә анҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра

Ателефонқәа рҟны иҭырхуан апарад арепетициа хада. Арепетициа напхгара аиҭон Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба. Ауснагӡатә далахәын Аԥсны атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариагьы.

Сынтәа ар рпарад арратә техника ада имҩаԥгахоит. Ҽааны, Аиааира амшныҳәа 75-шықәса анахыҵуазы ақалақь ауааԥсыра идырбахоит арратә техникагьы ҳәа иҳәеит Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба.

"Аминистр Аиааира апарад арепетициа хада амҩаԥысшьа ахәшьара ҳарак аиҭеит. Аԥсны атәылахьчара аминистрреи Абыжьбатәи урыстәылатәи арратә базеи рыруаа аҽазыҟаҵарақәа хацдыркит мшаԥы 4 рзы", - ҳәа иҳәеит иара.

Аиааираз амарш хада аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аиааира амшныҳәа ду азгәаҭахоит маи 9 рзы Аҟәа ақалақь аҿы. Апарад иалахәуп аршьаҟауаа рколоннақәа 11, зынӡа 400-ҩык инарзынаԥшуа аруаа.

55 нызқьҩык инарзынаԥшуа Аԥсны атәылауаа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәын. Урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык рышьҭахьҟа ихнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду рҽаԥсартәит.

Аиааираз амарш хада аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит