Арратә техника ада: апарад аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысыз

Аиааира амшныҳәа ду азгәаҭахоит маи жәба рзы Аҟәа ақалақь аҿы.
Sputnik

Аҟәатәи амшынԥшаҳәаҟны, Идырым асолдаҭ ибаҟа ааигәара шьыжьы инаркны Аԥсны атәылахьчара аминистрра аоркестри Абыжьбатәи урыстәылатәи арратә база аоркестри инарыгӡоз амузыка бжьы ықәыҩуан. Урҭ ирцәыхарамкәа шьаҿеиқәшәала аԥшаҳәа ианыланы инеиуан Урыстәылеи Аԥсни рыруаа. Аиааира амшныҳәа ду азгәаҭахоит маи 9 рзы Аҟәа ақалақь аҿы. Апарад иалахәуп аршьаҟауаа рколоннақәа 11, зынӡа 400-ҩык инарзынаԥшуа аруаа.

Ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра>>

55 нызқьҩык инарзынаԥшуа Аԥсны атәылауаа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәын. Урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык рышьҭахьҟа ихнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду рҽаԥсартәит.