Аиааира Ду 74 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа мҩаԥысит Гагра

Аиааира Ду 74 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усеиҿкаарақәа мҩаԥысит Гагра.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Лаҵара 9 рзы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны, Асовет Жәлар иргаз Аиааира 74 шықәса ахыҵра азгәаҭан Гагра ақалақь, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа.

Аиааира Ду 74 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа мҩаԥысит Гагра

Раԥхьа иргыланы, ашколхәыҷқәа алархәны имҩаԥган акциа "Ԥсра зқәым аполк". Дара, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз ргәакьацәа рфотосахьақәа кны ацәаҳәа ианысит. Убас ацәаҳәақәсра рхы аладырхәит араион Ахадара, анаплакқәеи, аусбарҭақәеи реиҳабацәеи рхаҭарнакцәеи, астудентцәеи, ашколхәыҷқәеи, ақалақь иаҭааз асасцәеи. Анаҩс зегьы еишьҭагыланы ашәҭ шьыҵәрақәеи, авенокқәеи шьҭарҵеит Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан, убас ихырхәеит уи иавагылоу Асовет Еидгыла Афырхаҵа Ражден Барцыц ибиуст аԥхьа.

Аветеран Шьониа: Аԥсны жәлар рхы-рыԥсы иамеигӡакәа аџьабаа рбеит аибашьра Ду аҟны

Хымԥада угәы ҭызшьаауа ауп, есышықәса Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа рхыԥхьаӡара ахьмаҷхо. Иахьазы, Гагра араион аҟны рыԥсы ҭоуп 14-ҩык, аныҳәахь иааиз ракәзар зынӡа имаҷҩын, дара урҭгьы ацәажәара рылымшеит.

Аиааира Ду 74 шықәса ахыҵра иазкыз амитинг аартуа, Гагра араион Ахадара аиҳабы Геннади Сыҷынаа еизаз зегьы ирыдиныҳәалеит ари акразҵазкуа амш.

"Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа, ауаажәлар, гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аиааира амш. Доусы шәыҩнаҭақәа лашазааит, гәырӷьарала иҭәызааит. Афашист иҿагылаз афырхацәа ақәранҵыреи, агәабзиареи ҳазшаз ишәаҭәеишьааит, лассамҭа шәҳагымзааит, ишәыхәҭоу ҳдырааит. Еиҵагылаз абиԥара ҿа шәхаан аибашьра ҟамлааит, иахьатәи аҭынч ԥсҭазаара аазгаз шәеиҳабацәа шәхашәмыршҭын", - иҳәеит иара.

11677-ҩык Гагра араион аҵеицәа афронт ахь ицеит, урҭ рахьтә 2252-ҩык азеиԥш ԥсадгьыл рыԥсы ахҭнырҵеит. Зықьҩык инареиҳаны аибашьратә орденқәеи, амедалқәеи ранашьан. Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵан Гагра араион иалҵыз Ражден Барцыц, Иасон Кәакәасқьыр, Арутиун Мелетиан, Мигран Бостанџьиан, ҩынтә ари ахьӡ иҽаԥсеитәеит Витали Попков.

Аџьынџьтәылатә еиабшьра Ду ашықәсқәа раан, афронт ацхыраара арҭон Гаграагьы. Еизыргон афатә, ашәҵатәы, ашьаҵатәы, аԥара. Агоспитальқәа рҟны амедицинатә цхыраара роуит ҩышә нызқьҩык аруаа.

Аиааира Ду 74 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа мҩаԥысит Гагра

Аныҳәа аофициалтә хәҭа ашьҭахь, Гагратәи абжьаратә школ №4, традициала аибашьра аветеранцәа аҳамҭақәа ранаршьеит. Анаҩс, имҩаԥган аконцерттә программа. Гагратәи аҟазаратә коллективқәеи, аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩы Дмитри Ԥиԥиеи еизаз зегьы аибашьра иалиааз ашәақәеи, амилаҭтә кәашарақәеи рыла идырлахҿыхит.

Аҵыхәтәаны, аибашьра аветеранцәеи, есышықәса аныҳәа иалахәу Ленинград амацәаз иҭакыз рхаҭарнакцәеи аныҳәатә чеиџьыкахь иааԥхьан.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа, араион Ахадараҟнытә ирыҭан аԥаратә ҳамҭагьы.

Аиааира Ду 74 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа мҩаԥысит Гагра