Владимир Путин аԥсуа жәлар ирыдиныҳəалеит Аиааира ду амш

Владимир Путин Аԥсны жәлар зегьи ирыдиныҳəалеит 1941-1945 шықәсқәа рзы Аџьынџьтəылатə еибашьра ду аҟны Аиааира амш.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 9 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымбеи аԥсуа жәлари ирыдыиныҳәалеит Аџьынџьтəылатə еибашьра ду аҟны игаз Аиааира 74 шықәса ахыҵра. абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада иофициалтә саит.

Рауль Ҳаџьымба Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа дрыдныҳәалеит

"Маи 9 аҽны гәыблыла иаҳгәалаҳаршәоит афашизм иаҿагыланы Аиааира ҳзаазгаз зегьы. Асовет жәлар рфырхаҵареи, ргәымшәареи, рыԥсадгьыл ахь ирымаз абзиабареи изызҳауа абиԥарақәа рзы иҿырԥшыгоуп", - аҳәоит адныҳәалараҿы.

Путин агәыӷра ааирԥшит Урыстәылеи Аԥсныи реиҩызареи, аҭоурых азхьаԥшреи, реимабзиара еиҳа ишыӷәӷәахо.

55 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи еибашьра ҳәа амҩа иқәлеит. Урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык аиааира рхы ақәырҵеит. Ареспублика атәылауаа 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду рыхҵан.