Арадио

Габлиа: Аԥсныи Урыстәылеи ртранспорттә усбарҭақәа аҳәааҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит

Атуристтә сезон ҿыци атранспорттә мҩақәеи захьӡу азҵаатәы иалацәажәон арадио Sputniк Аԥсны адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы. Аҳәынҭқарратә усбарҭа ахада Рабсҭан Габлиа иҳәеит агәаҭарҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы атуристтә аамҭазы иҟоу агәаранқәа ирызкны Урыстәыла рколлегацәеи дареи имҩаԥырго аиҿцәажәарақәа ртәы.
Sputnik
Габлиа: Аԥсныи Урыстәылеи ртранспорттә усбарҭақәа аҳәааҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит

"Атурист имҩаныгаразы ахатәы фирмақәа рыда иҳамоуп аҳәынҭқарратәқәагьы, атурист иԥыло, даазго. Есышықәса атуристтә аамҭа алагамҭаз Урыстәылатәи атранспорттә усбарҭеи ҳареи имҩаԥаагоит аиҿцәажәарақәа. Аԥснытәи аган иазгәанаҭоит аҳәааҿы иҟоу агәаран атуристцәа раара ԥырхага шанаҭо, убри аҟнытә аҳәаа ахысразы агәаҭарақәа аԥсахрақәа рҭахуп. Иӡбан аҩганк имҩаԥыргарц агәаҭарақәа. Ҵыԥх аиҿцәажәарақәа рыбзоурала иаартын еиҭа аиасырҭатә ҭыԥ, уи аҳәаа ахысра арманшәалеит атуристцәа рзы", - азгәеиҭеит Габлиа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.