Аныҳәамшқәа раан аурыс-аԥсуа ҳәаа иахысыз рхыԥхьаӡара акыр иазҳаит

Лаҵара 1 - 9 рзы традициак аҳасаб ала аурыс-аԥсуа аҳәаа иахысуа апассаџьырцәеи атранспорти рхыԥхьаӡара акыр еиҳахоит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. 30 нызқь рҟынӡа атранспорттә хархәагеи 132 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыреи аныҳәамшқәа раан урыстәыла-аԥснытәи аҳәаа иахысит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Шәачатәи аҳазалхыҩцәа иазгәарҭоит аҳәаа ишахысыз 26 нызқь машьыналаси, зықь еидарамҩангагеи, 1280 автобуси.

Лаҵара 1, лаҵара 9 раан МАПП "Адлер" аҟны иҭаҩын 11 нызқь автотранспорттә хархәагеи 50 нызқьҩык ауааԥсыреи. Уи абжьаабԥны иҟоу ахыԥхьаӡара аасҭа ҩынтә еиҳауп.