Аминистрцәа реилазаара аҳәынҭқарратә биуџьет аҭагылазаашьаз аҳасабырба ҟанаҵеит

2019 шықәса актәи аԥшьбаразы аҳәынҭбиуџьет иаланагалеит 653 миллион мааҭ, уи иазыԥхьагәаҭаз аасҭа 31 миллион мааҭ еиҵоуп.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. 2019 шықәса ажьырныҳәа- мшаԥы амзақәа ирҭагӡаны аҳәынҭбиуџьет ахь ашәахтә лагалақәа идыртәеит 27 процент ҳәа иҳәеит аԥыза-министр Валери Бганба лаҵара 15 рзы имҩаԥысуаз аилацәажәараҿы.

Аԥыза-министр иазгәеиҭеит ареспублика араионқәа зегьы рҿы абиуџьет ахь алагалақәа иазыԥхьагәаҭаз раасҭа еиҵоуп ҳәа. Абра иазгәаҭатәуп Аҟәеи Очамчыреи рраионқәа ари атенденциа ишаҵанамкыз.

Апарламент аҿы ирыдыркылеит 2019 шықәсазтәи абиуџьет

"Асеиԥш аҭагылазаашьа Очамчыра араион аҿы изыҟалаз аԥсыӡкратә уснагӡатәқәа реихшьаалоуп, Аҟәа араион аҿы баџьдатәи адәқьанқәа рҟынтәи алагалақәа роуп", - ҳәа иҳәеит Бганба.

Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Даур Кәырмазиа иазгәеиҭеит 2019 шықәса раԥхьатәи аԥшьымз рзы араионқәа рҟынтәи алагалақәа 653 миллион мааҭ инаӡеит, уи иазыԥхьагәаҭаз раасҭа 31 миллион мааҭ еиҵоуп, 2018 шықәса иара абри аамҭа иаҿурԥшуазар, 21 миллион мааҭ рыла еиҵоуп ҳәа.

"Ииасыз ашықәс иадкыланы ҳаиҵахара 152 миллион мааҭ артәоит. Ҳаиҵазырхо иреиуоуп анаплакқәа: "Вина и воды Абхазии", "Аквафон", "А-мобаил" уҳәа егьырҭ аилахәырақәагьы жәпакы. Аҭагылазаашьа ҭҵааны иԥсахтәуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа ашәахтә инспекциа аиҳабы Баҭал Ӡаԥшьба ишьақәирӷәӷәеит аҳҭнықалақь аиҵахара мзыз хаданы иамоу ашәахтәшәаҩцәа дуқәа рхашәала амаҷхароуп ҳәа.

" 2019 шықәса аԥхьатәи аԥшьбара анализ азаауит. Абиуџьет шьаҭаны иамоуп аопттәҭирҭа наплакқәа. Урҭ рхашәалақәа лаҟәит еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны", - ҳәа иҳәеит иара.

Аминистрцәа реилазаараҿы 2019 шықәсазтәи абиуџьет апроект рыдыркылеит

Уи аҭакс аԥыза-министр иҳәеит ашәшьыратә економика ашәахтәқәа ахьамшәо ауп иреиҳау мзызны иҟоу ҳәа. 2018 шықәса раахыс иуалны инханы иҟоуп ишәам 210 миллион мааҭ ашәахтәқәа.

"Мзызны иҟоу ахашәала аиҵахара акәӡам, уи армаӡароуп. Ҳаилахәырақәа аус шыруа ҳашьклаԥшуам. Ианаамҭо ашәахтә зымшәаз ахьырхәлатәуп" - иҳәеит иара.

Гагра араион алагала рбагақәа идыртәеит 16,5 процент.

"Аҭагылазаашьа еиуеиԥшым амзызқәа амоуп. Араион аҿы акурорттә сезон аламҭалазы ауаа уи рҽазыҟарҵоит, ахарџьқәа рымоуп. Ашәахтәқәа ршәара иахьымӡац", - ҳәа иҳәеит араион аҿы ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аинспекциа аиҳабы Георги Агрба.

Иара иажәақәа рыла акурорттә сезон ишалагалак аҭагылазаашьа аҽеиҭаанкуеит.