Вышински идгылара акциа мҩаԥысит Москва

Уаанӡа, Киев, Подольсктәи аӡбарҭа апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински иаанкылара аамҭа аҿҳәара инахеит рашәара 22 2019 шықәса рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 15 - Sputnik. Украина иаанкылоу апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински идгыларатә акциа хдыркәшеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Вышински идгылара акциа мҩаԥысит Москва

Акциахь алахәылацәа ажурналист исахьа зныз абаннерқәеи атранспарантқәеи рыманы инеиит.

Амитинг рхы аладырхәит МИА "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселев, Аҳәынҭқарратә дума ахаҭарнак Евгени Ревенко.

Вышински идгылараз акциа мҩаԥгахоит Москва иҟоу Украина Ацҳаражәҳәарҭа аҿаԥхьа

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам.

Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

Вышински идгылара акциа мҩаԥысит Москва